ГӘДОУҬА, ажь 7 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аибашьра ашьҭахь раԥхьатәи ицәыргақәҵа аатит ахаҳәи, амҿыи аус рыдызуло аскульптор, аҿыханҵаҩ Гиви Смыр.
Ацәыргақәҵа аҟны иаарԥшуп Аԥсны аԥсабара, амшын аԥшаҳәа, аибашьра атематика зныԥшуа асахьақәа,иара убас ахатә портретқәа. Иааидкыланы ицәыргақәҵан 50 ҭыхымҭа. Автор урҭ аус рыдиулон ҩы-шықәса инарзынаԥшуа.
"Аԥсуаа ҳпантеон даара ибеиоуп, иара еиқәырхатәуп, еиҳа ирҿиалатәуп, иӡыргалатәуп. Аԥсшьарҭа ҭыԥкәа ырԥшӡатәуп абас еиԥш иҟоу аусумҭақәа рыла", — иҳәеит Гиви Смыр ацәыргақәҵа аартуа. Иара иазгәеиҭеит изызҳауа аҿар арҿиарала рааӡара шаҭаху.
Аусумҭақәа реиуеиԥшымзаара азгәарҭон ацәыргақәҵа иаҭааз асасцәа.
"Асахьақәа ирыҵоу афилософиа ӷәӷәоуп, аха автор ихала амаӡақәа узааиртыр, аилкаара мариахоит", — иҳәеит ацәыргақәҵа иаҭааз аибашьра аветеран Родик Чхабелиа.
Ацәыргақәҵа аартызаауеит ажьырныҳәа 20-нӡа, анаҩс иара Аҟәа ақалақь, ацәыргақәҵатә зал хада аҟны иӡыргахоит.