АҞӘА, лаҵара 12– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны иахьаҵанакуа амшынӡқәа рҿы аԥсыӡкыҩцәа Ашәҟәы ҟаԥшь иану абарзал ркит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аекологиазы Аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа.
"Ҳаԥсыӡкцәа абарзал ркит. Иара убасгьы ашәиаҟ ркит. Уигьы акра ҟалаӡом. Уажәы ҳара ари аус аҭҵаара ҳаҿуп. Ҳҟазауаа ирыԥхьаӡоит иҟаҵоу аԥхасҭа", - ҳәа иҳәеит Ҷыҭанаа.
Иара иажәақәа рыла, аԥсыӡкыҩцәа ахараԥса рықәырҵоит, уи ахышәа-ҵышәаа аҟазауаа ишьақәдыргылоит аԥсабара иазуу аԥхасҭа анырыԥхьаӡалак ашьҭахь.
Административтә зинеилагарақәа рзы Аԥсны Азакәанеидкыла инақәыршәаны, аԥсыӡкра аԥҟаррақәа реилагара аулафахәы еиҵа иаҟараны хәба инаркны ҩеижәанӡа инаӡо ахараԥса ақәуп.
Аԥсны аулафахәы еиҵа иартәоит 60 мааҭ, уи иахьырԥшны аԥҟарра еилазгаз 300 мааҭ инаркны 1800 мааҭ рҟынӡа рықәырҵоит.
Лаҵара 11 рзы асоциалтә ҳақәа рҟны ицәырган аԥсыӡкыҩцәа Ашәҟәы ҟаԥшь иану абарзал ду шыркыз атәы узырбо авидео. Аԥсыӡкыҩцәа ашхәаҿы аԥсыӡ ауреи акапани гәарҭон. Асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа реиҳараҩык аԥсыӡкыҩцәа ргәырӷьара рыцеиҩырымшеит. Иоурышьҭырц ирыҳәоз рацәаҩуп.
Абарзал Адунеижәларбжьаратәи Ашәҟәы ҟаԥшь иануп. Каспитәи, Азовтәи амшынқәеи Амшын еиқәеи ирҭоуп. Аԥсыӡ зыкапан дуу ахкқәа иреиуоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Пицундатәи амзаҵлақәа 17 хызҵәаз хәышықәса иқәырҵар ҟалоит
-
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҷыҭанаа Аԥсны Ашәҟәы ҟаԥшь аҭыжьра иазкны