Пицундатәи амзаҵлақәа 17 хызҵәаз хәышықәса иқәырҵар ҟалоит

© Sputnik / Илона ХварцкияВ сосновом лесу.
В сосновом лесу. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пицундатәи аԥсамза ажәла еиҳарак иахьазҳауа Аԥсны аҵакырадгьыл аҟноуп. Зегьы иреиҳау амзара Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарраҿы иҟоуп. Амзаҵла Урыстәалатәи Ашәҟәы ҟаԥшь иҭагалоуп.

АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik. Гагра араионтә прокуратура ашьаус хацнаркит "изакәантәым аҵлаԥҟара" астатиа инақәыршәаны, Аԥсны атәылауаҩ Мнацакан Палазиан иганахьала ҳәа адырра ҟаҵоуп Апрокуратура хада асаит аҟны.

Палка на которую садятся ястребы - Sputnik Аҧсны
Аҵла ихаломызт, амҿы ԥырҟомызт: ашәаԥыџьаԥ анцәахәқәа ирыдҳәалоу згәаҭарақәак

"Палазиан гәҩарас дҟаҵоуп ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза инаркны хәажәкырамзанӡа Гагра араион, Гьачрыԥшь иахьаҵанакуа Асабулеи ақыҭан абнеиҭаҳа дахьылаз, иҷыдоу азин имаӡамкәа, абылтәы зго ахьархь STIHL ихы иархәаны "Пицундатәи аԥсамза" ажәла иатәу аҵлақәа 17 ԥиҟеит ҳәа, иара убри алагьы иааҳакәыршоу аԥсабара 129 нызқь мааҭ рҟынӡа зыхә ушьаша аԥырхага аиҭеит", – ҳәа аҳәоит адырраҿы.

2020 шықәса, мшаԥы 25 рзы Палазиан даанкылан, Гагра араион аамҭалатәи абахҭаҿы дҭаркит.

Аԥсны ашьауӷатә закәанеидкыла инақәыршәаны, изакәантәым аҵла рацәа рыԥҟара хьырхәрас иақәуп ҩба инаркны хәышықәса рҟынӡа ахақәиҭра алхәдаатәра, иалкаау маҵурақәак раанкылара азин умхны.

Ашьаусҭҵаара рнапы иануп Гагра араион аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусҭҵааратә ҟәша.

Ажәабжьқәа зегьы
0