Агәабзиарахьчара аминистрра Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа апациент ипост ҿаԥнаҽуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асоциалтә ҳақәа рҟны Александр Цәеиба ҳәа аӡәы аинформациа алаирҵәеит иара акоронавирус зыхьны Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоу апациент иакәушәа.

АҞӘА, лаҵара 18- Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрра Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа апациент Александр Цәеиба Facebook аҿы ипост ҿаԥнаҽуеит, ииашам ҳәа аҳәоит.

© Foto / Facebook/Алиса ЦвейбаСообщение в Facebook, опубликованное от имени Александра Цвейба
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа апациент Александр Цәеиба Facebook аҿы ипост - Sputnik Аҧсны
1/2
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа апациент Александр Цәеиба Facebook аҿы ипост
© Foto / Facebook/Алиса ЦвейбаСообщение в Facebook, опубликованное от имени Александра Цвейба
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа апациент Александр Цәеиба Facebook аҿы ипост - Sputnik Аҧсны
2/2
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа апациент Александр Цәеиба Facebook аҿы ипост
1/2
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа апациент Александр Цәеиба Facebook аҿы ипост
2/2
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа апациент Александр Цәеиба Facebook аҿы ипост

Цәеиба лаҵара 16 рзы Бамбора инхо ааигәа Москвантәи иааз дыруаӡәкуп. Иара акоронавирус идбалоуп.

"Атәылауаа иргәалаҳаршәоит аҭакԥхықәра ишақәыршәахо иԥаршеиу аинформациа аларҵәаразы", - аҳәоит Агәабзиарахьчара аминистрра аҳәамҭаҿ.

Аоперативтә штаб: уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус азы игәаҭоуп 73-ҩык - Sputnik Аҧсны
Аоперативтә штаб: уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус азы игәаҭоуп 73-ҩык

Аусбарҭа апресс-маҵзура адыррала Аԥсны атәылауаҩ лаҵара 12 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь днаган ашоура иманы, аԥсыԥлагаҩагара ицәыцәгьаны. Ҩ-ганктәи аполисегментарнтә гәаҵәкра арентген аҿы игәаҭан.

Лаҵара 13 рзы атестмҩаԥгара ашьҭахь изықәыргылан адиагноз: COVID-19. ВОЗ абжьагарақәа инарықәыршәаны имҩаԥган атерапиа. Абри ашьҭахь иара иҭагылазаашьа еиӷьхеит: ишоура тәеит, иҳауалагаҩагара шьақәгылеит.

Арахь дааган иара убасгьы апациент иаҳәшьа, акоронавирустә инфекциа лымазар ҟалоит ҳәа агәаанагарала. Аӡӷаб агәаҵәкра лыдбалоуп. Рҩыџьагьы амедусзуҩцәа рнапаҿы иҟоуп.

Аполисегментартә гәаҵәкреи акоронавирустә инфекциеи рымоу ирымаму ашьақәыргыларазы иахәҭаз анализқәеи аренгентә ҭыхымҭақәеи ыҟоуп.

"Асеиԥш апациентцәа рхымҩаԥгашьа иахҟьаны урҭ рыжәлақәеи рыхьӡқәеи арбаны аҳақьымцәа ауаажәларра иддырдырыртә аҟынӡа инеир алшоит", - рҳәеит аусбарҭаҿ.

Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рымоу ирымаму агәаҭаразы атестқәа ирхыжьын 73-ҩык ауааԥсра, игәаҭатәу анализқәа ахьырацәоу инамаданы алҵшәақәа рыларҳәоит ашәахьа, лаҵара 18 рзы.

Адунеи аҿы апандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 рыхьхьеит 20-ҩык ҳтәылауаа. Ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, ичмазаҩхаз рыхәҭак Урыстәылантәи иааз аԥсуа студентцәа роуп, даҽаӡәы - Даӷьсҭанынтәи иааз Абыжьбатәи аурыс база аррамаҵзурауаҩ иоуп, уи ашьҭахь акоронавирус рыхьит ҳәа ирылаҳәаз ҩыџьа Москвантәи иааз Бамбора инхо атәылауаа роуп, аҵыхәтәаны акоронавирус злаҽыз хҩык Аҟәа иқәынхо Шәачантәи иааз ҭаацәарак роуп.

Мшаԥымзазы Аԥсны акоронавирус рыдбалан хҩык Гагра ақалақьуаа. Ҩыџьа ргәы бзиахеит, 1925 шықәсазы ииз ахԥатәи ачымазаҩ лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0