АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рымоу ирымаму агәаҭаразы атестқәа ирхыжьын 73-ҩык ауааԥсра, игәаҭатәу анализқәа ахьырацәоу инамаданы алҵшәақәа рыларҳәоит ашәахьа, лаҵара 18 рзы. Абри атәы аанацҳауеит ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аоперативтә штаб адыррақәа рыла, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа асабша иҭашәаз атәылауаа рҭагылазаашьа шыҟац иҟоуп, аицәахара иаҿӡам. Зынӡа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы уажәазы ахәышәтәра иахысуеит акоронавирус зыхьыз 16-ҩык ачымазцәа.
"Ҳаҭыр зқәу ҳтәылауаа, ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз инамаданы, аҳәара ҟаҳҵоит акарантини аҽыԥхьакра арежими шәрықәныҟәаларц, ԥсыхәак змам ак ыҟамзар, шәыҩнқәа шәырдәылымҵларц", - аҳәоит аоперативтә штаб иаланарҵәаз адырраҭара.
Адунеи аҿы апандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 рыхьхьеит 20-ҩык ҳтәылауаа. Ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, ичмазаҩхаз рыхәҭак Урыстәылантәи иааз аԥсуа студентцәа роуп, даҽаӡәы - Даӷьсҭанынтәи иааз Абыжьбатәи аурыс база аррамаҵзурауаҩ иоуп, уи ашьҭахь акоронавирус рыхьит ҳәа ирылаҳәаз ҩыџьа Москвантәи иааз Бамбора инхо атәылауаа роуп, аҵыхәтәаны акоронавирус злаҽыз хҩык Аҟәа иқәынхо Шәачантәи иааз ҭаацәарак роуп.
Мшаԥымзазы Аԥсны акоронавирус рыдбалан хҩык Гагра ақалақьуаа. Ҩыџьа ргәы бзиахеит, 1925 шықәсазы ииз ахԥатәи ачымазаҩ лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>