АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Баграт Боџьгәуа Гәдоуҭа ахада инапынҵақәа наигӡалоит. Абри азы аусдҵа инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Боџьгәуа Баграт Фазлыбеи-иԥа диит нанҳәа 3, 1973 шықәса рзы Лыхны ақыҭан.
1990 шықәса рзы Гәдоуҭатәи абжьаратә школ № 5 далгеит.
1991 шықәса рзы Москватәи аҳәынҭқарратә социалтә университет дҭалеит.
1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аҳәаахьчаратә ар рҟны аррамаҵзура дахысуан.
2002 шықәса рзы ауниверситет далгоит.
2003 – 2005 шш. – Гәдоуҭа араион ахадара асоциалтә еиқәыршәара аҟәша аҟазауаҩ нага.
2005 шықәса аахыс - Гәдоуҭа араион ахадара асоциалтә еиқәыршәара аҟәша аиҳабы. Дҭаацәароуп. Хҩык ахшара драбуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: