Ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа агәызҩара ззыҟаз ауаҩы даанкылоуп Гәдоуҭа араион аҿы

© SputnikНаручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәгьоура бааԥс ҟаиҵеит ҳәа агәызҩара ззыҟаз ауаҩы иаҳхысыз ашықәс аахыс ишьҭан. Уажәы иара ауаҩы аамҭалатәи иԥхьакырҭаҿы дыҟоуп.

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Гәдоуҭа араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәа дааныркылеит ауаҩы дишьит, закәаншьаҭада абџьар ҵәахны иман ҳәа агәызҩара ззыҟоу 1982 шықәса рзы ииз Чакәа Аҭеиба ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Заанаҵтәи аусҭҵаарала нанҳәа 19, 2019 шықәса рзы "Аҭеибеи Џьырхәа ақыҭантәи ауаҩԥси иаалырҟьаны ироуз аимак ашьҭахь Атеиба изакәанымкәа имаз абџьар (автомат "Калашников") ала аҵыхәтәантәи диеихсит. Ахәрақәа зауз аҭыԥ аҿы иԥсҭазаара далҵит. Аҭеиба дыбналеит", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа асаит аҿы.

Гәдоуҭа араион апрокуратура Чакәа Аҭеиба иганахьала ашьаусҭҵаара хацнаркит АЗ ахәҭаҷ 99, ахәҭа 1 алеи АЗ ахәҭаҷ 271 ахәҭа 1 алеи (закәаншьаҭада абџьар аахәара, аҭара, аҭира, аныҟәгара).

"Ԥхынҷкәын 12, 2019 шықәса рзы Чакәа Аҭеиба ишьҭалеит. Иахьа уажәраанӡа иара дыбналаны дыҟан", - ҳәа азгәарҭеит Аԥсны ААР аҟны.

Лаҵара 16 рзы иара даанкыланы Гәдоуҭа аамҭалатәи аҭакырҭахь днаган. Аусҭҵаара мҩаԥнагоит араион апрокуратура.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0