Анкьа аԥсҭазаара еилашуан: Ражден Барцыц аиланхарҭа Асԥа шдыргылоз еиҭеиҳәеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаРажден Барцыц
Ражден Барцыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны қалақьцыԥхьаӡа, қыҭацыԥхьаӡа, ҳаблацԥхьаӡа зхатә ҭоурых змам ыҟам. 50-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы зыргылара иалагаз, анаҩс аԥсҭазаара ахьеилашуаз Бзыԥҭа аҳабла иатәу Асԥа аӡбахә еиҭеиҳәеит 87 шықәса зхыҵуа аиланхарҭа аргылара иалахәыз аҭыԥантәи анхаҩы Ражден Барцыц.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ражден Еснаҭ-иԥа Барцыц 1958 шықәса инаркны аус иуан "Пицундаргылара" иатәыз Бзыԥҭа авокзал азааигәара иҟаз амашьынатә база аҟны. Иара дақәтәан аргыларатә маҭәахәқәа зламҩаԥигоз "самосвал" захьӡыз амашьына ду. Усҟантәи аамҭазы Гагра араион аҟны мҽхакы ҭбаала аргыларақәа цон. Аҩнеихагылақәа шьҭырхуан Гагра, Пицунда, Бзыԥҭа.

Энвер Капба во время выступления на референдуме О сохранении СССР в Сухуме, в 1991 году - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аинтересқәа ихьчон: Гагратәи акоммунист Енвер Қапба игәаларшәаразы

"Ажәытәан, Асԥа ҳәа иахьашьҭоу аиланхарҭаҿы шыцран. Сара саннеи ҩ-ҭӡак Ҳалуашьааи, ҭӡак Барцыцааи нхон. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду анеилга ашьҭахь, Асовет еидгыла ахьынӡанаӡааӡоз мҽхакыҭбаалатәи аргыларақәа ианрылага, Асԥа абнарантәи ирыцқьаны, амҿтәы баракқәа ҟаҵаны, Аԥсни, Қарҭи рҟынтә аргылаҩцәа ҩнаҵаны, аҩнеихагылақәа рышьҭыхра иалагеит. Саргьы амашьына ду сақәтәан. Аԥслымӡ, абӷанҷ уҳәа хазгалон", - ҳәа аргыларақәа нап шдыркхаз игәалашәоит абырг.

Асԥа аргыларақәа цон Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аламҭаланӡа. Ауаҭахқәа рызшан акыр шықәса агәаран иқәгылаз аҭаацәарақәа. Ражден Барцыц Гагра, аџьармыкьа азааигәара иоураны дыҟан, аха усҟантәи аамҭазы ақырҭцәа аҳра рымуази, аԥсуаа ираԥыргон ауаҭах аиураҿгьы.

"Аидара сыманы мызкахьы ҩынтә Қарҭҟа сцон, убраҟа аиҳабыра идсырдырит, жәашықәса сыззыԥшыз ауаҭах ақырҭуа иширҭаз. Анаҩс, Асԥа ԥшь-уадак змаз ауаҭах сыҩнарҵеит, ҳҭаацәара дуун азы", - иҳәоит Ражден Барцыц.

Асԥа ҩнеихагылак аргылара хырқәшахацыԥхьаӡа ауаа ҩналон. Аусқәа руан алагарҭатә школ, ахәыҷбаҳча, амедпункт, апҭека, аџьармыкьа, хаз-хазы афатәҭиирҭатә, аимааҭирҭатә, амаҭәаҭиирҭатә дәқьанқәа, апрофессионалтә-техникатә ҵараиурҭа (ПТУ), аспорттә дәқәа, ахцәыҟаҵарҭа, аклуб, акрыфарҭа, ауарашыжәырҭа уҳәа.

Асԥа асовет аамҭақәа ран. Афото аҿы: Зоиа Андарбуа лҩызеи лареи
Анкьа аԥсҭазаара еилашуан: Ражден Барцыц аиланхарҭа Асԥа шдыргылоз еиҭеиҳәеит - Sputnik Аҧсны
Асԥа асовет аамҭақәа ран. Афото аҿы: Зоиа Андарбуа лҩызеи лареи

"Аҩнеихагылақәа ахархәарахь ианынашьҭха, иҭацәыз уаҭахк ыҟамызт. Асԥа мацара ԥшь-нызқьҩык инареиҳаны ауаа нхон. Амала аԥсуаа иҳаԥыргон ақырҭцәа. Араҟа жәаф ҩнеихагыла ыҟоуп, урҭ рахьтә 16 еихагыла змоу ҩба, 12 еихагыла иҟоу ҩба, жә-еихагылак змоу фба, хә-еихагылакны иҟоу акы, х-еихагылак змоу ԥшьба, ҩ-еихагылакны иҟоу акы. Иҟан хә-еихагылак змаз азеиԥшнхарҭагьы, уи иахьа уаҿаԥшуа иҟам умҳәозар. Аҩнеихагылақәагьы рҭагылазаашьа акырӡа иԥсыҽхеит. Ирацәаӡоуп иҭацәыз ауаҭахқәа. Иааизакны ацәгьеи, абзиеи излаадырԥшуа ала хәышәҩык рҟынӡа ауаа нхозар ҟалап", - иажәа иациҵоит абырг.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаРажден Барцыци Зоиа Андарбуаԥҳаи
Анкьа аԥсҭазаара еилашуан: Ражден Барцыц аиланхарҭа Асԥа шдыргылоз еиҭеиҳәеит - Sputnik Аҧсны
Ражден Барцыци Зоиа Андарбуаԥҳаи

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьранӡа, Асԥа қалақь хәыҷык иаҩсуан. Адгьылҵакыра ԥшь-гектарк иназынаԥшуеит. Зехьынџьара ицқьаӡа, ашәҭ иарганы иҟан. Ражден Барцыц иԥшәмаԥҳәыс Зоиа Андарбуаԥҳа усҟантәи аамҭақәа рзы лифтиорс аус луан. Лара иазгәалҭоит алифтқәа, аҩнеихагылақәа рыҩналарҭақәа, рыкәша-мыкәша џьара бабыцк шкаршәымыз. Акоммуналтә усбарҭақәа рыдагьы, аҭыԥантәи анхацәа ӷәӷәала ацқьара иацклаԥшуан.

Уахынла аџьџьаҳәа аҳабла иаланхоз ауаа акино ахь иаауан. Аклуб аҿаԥхьа ирҭиуаз ахаа-мыхаақәа, аршәы, уҳәа аархәон. Бзыԥҭа аусқәа руан еизаку аҭиирҭатә ҭыԥқәа, акомбинатқәа уҳәа. Ажәакала ауаа аҳабла иалымҵқәа ирыгу-ирыбзоу роуан.

Бзыԥҭа, Асԥа адагьы, даҽа хә-еиланхарҭак амоуп. Урҭ рыӡбахә ҳирдырит ашәҟәыҩҩы Лиова Гыцба.

Руслан Барцыц - Sputnik Аҧсны
Арадио
Барцыц Гагра аҭоурых амузеи иазкны: иҳалшоз ала ҳаицхыраан иҟаҳҵаз ауп

"Бзыԥҭа, аамҭала Гәдоуҭатәи ауезд иаҵанакуан, Калдахәара аарцә ҳәа иашьҭан. Сара 1945 шықәсазы сиит, ақьаадқәа рҿы сҭыӡҭыԥ Калдахәара ҳәа ианын. 1950 шықәсқәа раан, аӡиас Бзыԥ иахҳәааны, нас аҭыԥхьыӡ "ҭа" арбаны Бзыԥҭа ҳәа ишьақәгылеит. Аҳабла еихшоуп ф-еиланхарҭакны, ҽакала иуҳәозар ацуҭақәа Бзыԥҭа, Аҟәры, Бгааборҭа, Аҭыӡҭа, Ахәҵа (Арасаӡыхь), нас Асԥа рыла", - инаҵишьит иара.

Ажәа Асԥагьы ахатәы хылҵшьҭра амоуп. Бзыԥаа вариантқәакгьы иахьанӡа еиқәырханы иааргеит. Лиова Гыцба иакәзар иаҳзеиҭеиҳәеит, Калдахәара инхоз аҳ, Гәдоуҭантәи асас данизаа, ахәыҳаракырантәи аарцәҟа данԥшы, алҩаҵә баны, "анахьхьы инхода" ҳәа данҵаа, "сԥа иоуп" ҳәа аҳ ишиаҭеикыз. Ус ахьӡгьы шахылаз. Апоетесса Белла Барцыцԥҳа излалҳәо ала, Асԥа – асаӡ иԥа аҟынтә иаауеит. Иара иоуп раԥхьаӡакәны уаҟа нхарҭа ҭыԥс иалзхыз.

X ашәышықәса иаҵанакуа Бзыԥҭатәи аныхабаа - Sputnik Аҧсны
Бзыԥҭатәи аныхабаа иахылаԥшуа Роман Канџьариа: сыҩнеиԥш избоит ари аԥшьаҭыԥ

Ажәакала, абри аиланхарҭа хәыҷгьы аинтерес зҵоу аҭоурых амоуп.

Асԥа, ақырҭцәа рхаан Ипанри ҳәа иашьҭан. Амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара активистцәа реиҳараҩык Бзыԥҭа изланхоз ала, мчыла аҭыԥхьыӡ азырхынҳәра иашьҭалеит. Зны аҳабла ашьапылампылтә команда иахьӡырҵеит, нас адәыӷбаанҿасырҭа маҷ. Аҵыхәтәаны "Асԥа" ҳәа изныз аӷәыцәмаҟь аиланхарҭа алаларҭаҟны икыдырҵеит. Уи ақырҭцәа иамырхуаа, аԥсуаа еиҭахыршьуа ишаҿыз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагеит. Уи ашьҭахь, аиланхарҭа "Асԥа" аҭоурыхтә хьӡы наӡаӡа иазыхынҳәит. Ацуҭа амҩа Нестор Лакоба ихьӡ ахуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0