Софиа Шьенгьелиа жәларбжьаратәи аԥхьаҩцәа реицлабра аполуфинал далахәуп

© Foto / Ирма БарцицСофия Шенгелия
София Шенгелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәсатәи жәларбжьаратәи аԥхьаҩцәа рконкурс "Живая классика" рхы аладырхәит 80 тәыла рҟынтә ашколхәыҷқәа.

АҞӘА, лаҵара 30 – Sputnik. Жәларбжьаратәи аԥхьаҩцәа реиндаҭлара "Живая классика" лаҵара 30 рзы имҩаԥысыз аполуфинал аҟны Аԥсны ахьӡала дықәгылеит Софиа Шьенгьелиа ҳәа адырра ҟалҵеит аӡӷаб лан Ирма Барцыц.

Милена Тачулия  - Sputnik Аҧсны
Милена Тачулиаԥҳа жәларбжьаратәи аԥхьаҩцәа реиндаҭлараҿы дықәгылеит

"Ҳара ҳҽазаҳшәоит еиуеиԥшым аицлабрақәа рҿы ахаарԥшра. Ус лымҳаҭасла иҳаҳаит абри аконкурс атәгьы, хҽалаҳархәырц ҳаӡбеит. Ҳцеит ҳхы ԥаҳшәарц, хахьнеиз арегионалтә еиндаҭлараҟны Софиа ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит. Анаҩс аицлабра аҩбатәи аетап жәларбжьаратәи аҩаӡара шьҭнахуан, уи аҟны Софиа иреиӷьу 30-ҩык дырхыԥхьаӡалахеит", – ҳәа азгәалҭеит лара.

Аполуфинал аҟны Софиа даԥхьеит Анатоли Приставкин иавтобиографиатә ҩымҭа "Ночевала тучка золотая".

"Уаанӡа авидео ҭыхны иҳашьҭуан, уажәы онлаин аԥхьара ҟалоит", – лҳәеит Ирма Барцыц.

Софиа лықәгылара уахәаԥшыр ҟалоит аконкурс аофициалтә саит аҟны. Алхратә турқәа мҩаԥысуан лаҵара 28 рҟынӡа. Аполуфинал ахь инеит иреиҳау ахәшьарақәа зауз 30-ҩык алахәцәа. Афинал мҩаԥысуеит рашәара 1 азы.

Жәларбжьаратәи аԥхьаҩцәа реиндаҭлара "Живая классика" – есышықәса имҩаԥысуеит. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәыҷқәа ҿырҳәала иаԥхьоит урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәа рыпрозатә ҩымҭақәа рҟынтә ацыԥҵәахақәа. Аконкурс иалахәхарц рылшоит 10 инаркны 17 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахбыџқәа.

Аконкурс мҩаԥысуеит Урыстәыла Арккара аминистрреи Россотрудничествеи рыцхыраарала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0