АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik. Амчра ахаҭарнак иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭара иҭеиргылеит ҳәа 20 уахи-ҽни даанкылоуп Гарри Аҩӡба. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Лаҵара 14 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Аҩӡба аҩнтәы рбаандаҩра иқәнаҵеит. Лаҵара 30 рзы иара ари ақәҵара еилеигеит. Аҟәа, Коӷониа имҩаҟынтәи даанкыланы азинхьчаҩцәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭахь днаргеит.
Заанаҵтәи аусҭҵаара аусбарҭа аҳәара ҟанаҵеит Аҩӡба ԥхынгәы 17 рҟынӡа, аусҭҵаара хыркәшахаанӡа дҭакызарц, аха Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа уи 20 уахи-ҽни дынкылазарц аӡбара аднакылеит.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, хәажәкыра 16 асааҭ 02:00 рзеиԥш амилициа аусзуҩцәа рҽазыршәеит иццакцәаны ицоз автомашьына аанкылара. Амашьына анаанымгыла, амилициа аусзуҩцәа уи аанкыларазы иашьҭалеит, ацәгьоуцәа руаӡәк аҳауахь ахысра далагеит.
Хәажәкыра 17, 2020 шықәса рзы Аҟәа араион апрокуратура Гарри Аҩӡба иганахьала ашьаус хацнаркит.
Аҩӡба данааныркылоз иаанкылан иара убасгьы Мизан Зыхәба, Аинар Зыхәба, Аслан Зыхәба.
Хәажәкыра 30, 2020 шықәса рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиа Мизан Зыхәба идукат ихашшааратә зыҳәа иахәаԥшны иара аӡбарҭа азал аҟынтәи ихы дақәиҭыртәит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Зыхәба, Кәаӡба, Аҩӡба рхарадҵа здырԥсыҽыз рҳәеит
-
Амилициа аусзуҩцәа рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭазыргылаз рганахь ала ашьаус хацыркуп