АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҟынтә иҭырҩааит акоронавирустә инфекциа зыхьны иҟаз аҵыхәтәантәи хҩык апациентцәа, абри атәы аанацҳауеит COVID-19 аҟынтәи ауааԥсыра рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы акоронавирус рылоу ирыламу гәаҭан 57-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә аӡәгьы акоронавирус рылам.
Акоронавирус азы апандемиа ааҟалеижьҭеи Аԥсны ичмазаҩхахьеит 28-ҩык, урҭ рахьтә 26-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит аоперштаб.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>