Аԥсуа продиусер дызлахәу асериал маҷ Урыстәыла аԥхьахә аиуит

CC0 / / Камера
Камера - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асериал маҷ "Батальон" ҭыхын акиностудиа "Кит" аҟны ателеканал НТВ иҟанаҵаз аҿаҵала 2018 шықәса рзы. Асериал аԥхьарбара мҩаԥысит рашәара 9, 2019 шықәса рзы.

АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Анагӡаратә продиусерс Аинар Лабахәуа дызмоу асериал "Батальон" Урыстәыла акинои ателехәаԥшреи Рассоциациа аԥхьахә аиуит аноминациа "Иреиӷьу асериал маҷ" азы.

Лабахәуа иажәақәа рыла, ԥшь-сериак иҟоу акиносахьа Иугославиа 1999 шықәсазы аҭыԥ змаз ахҭыс атәы еиҭанаҳәоит – Босниеи Герцоговинеи игылаз Жәларбжьаратәи аҭынчеиҿкааратә контингент иалаз Урыстәыла арратә мчрақәа рыҩныҵҟатә ар Приштина ақалақь ахь риагара, аҳаиртә баӷәаза "Слатина" ахылаԥшра аҭаразы.

"Ари аҭоурых еиҭанаҳәо 200-ҩык урыстәылатәи адесантникцәа НАТО ар зегьы рҿагылара шрықәшәаз ауп. Аҭоурых акыр иинтересуп. Сгәы иаанагоит ҳара иҳалшеит ҳәа урҭ аамҭақәа инарҵауланы раарԥшра. Ззынӡа абри аноминациаҿ иқәгылан асериалқәа хԥа. Иҟалап, аиааира иақәымгәыӷуаз ыҟазаргьы, аха сара хымԥада агәрагара сыман", - ҳәа иҳәеит иара.

Акиносахьа аҭыхрақәа мҩаԥысуан 2018 шықәса рзы мызки бжаки инарыцны Адыгатәыла, Маиҟәаԥтәи аҳаиртә баӷәазаҿи Каменномостск аҳаблаҿи.

Камера  - Sputnik Аҧсны
Италиатәи акинорежиссиорцәа Аԥсны иазку адокументалтә фильм ҭырхит

"Аԥхьанатә ҳара Аԥсны аҭыхрақәа мҩаԥаагап ҳәа акәын. Аиԥшрақәа рацәан. Арежиссиори асахьаҭыхҩи гәырӷьан иԥсуан, аха 2018 шықәса рзы Урыстәыла ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат мҩаԥысуан. Аԥкырақәа ыҟан. Убри азы аҭыхрақәа Адыгатәылаҟа ииаагеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Лабахәуа.

Апродиусер қәыԥш изы асериал "Батальон" аԥшьбатәи проектуп.

"Сара аҭакԥхықәра сыдын абиуџьет азы, апроект ахаҭабзиаразы, аҭыхратә гәыԥ аҭагылазаашьа бзиа азеиҿкааразы. Акино аҿы аусура акыр аинтерес аҵоуп. Уаланахалоит. Ҳәарада, аҭакԥхықәрагьы дууп, аха агәахәара дугьы унаҭоит", - ҳәа иҳәоит иара.

Асериал аҭыхра иалахәын актиорцәа: Максим Шьчеголев, Дмитри Улианов, Александр Бухаров, Михаил Бабичев, Полина Иастребова, Андреи Стоианов. Арежиссер - Алексеи Быстрицки, асахьаҭыхыҩ - Игор Топчениук. Асериал ахәаԥшра алшоит интернет ала, YouTube аплатформаҿгьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0