Аслан Бжьаниа: COVID-19 иахҟьаны Аԥсны иаиуз ацәыӡқәа Урыстәыла иханарҭәаауеит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМонета номиналом 1 рубль и банкноты номиналом 2000 рублей и 5000 рублей.
Монета номиналом 1 рубль и банкноты номиналом 2000 рублей и 5000 рублей. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашықәс раԥхьатәи ахәымз рыҩныҵҟа абиуџьет иаланагалеит 52 миллион 460 нызқьмааҭ.

АҞӘА, рашәара 3 – Sputnik. COVID-19 апандемиа иахҟьаны Аԥсны абиуџьет иаиуз ацәыӡқәа Урыстәыла иханарҭәаауеит ҳәа иҳәеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа рашәара 2 рзы Апарламент аҿы адепутатцәа данырԥылоз.

Беслан Кубрава - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыбраа аҿкы аекономика ианаҭо анырразы: мызкала еилгар, ҳаиааиуеит

"Москва ҳаҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара урыстәылатәи аган ахь аҳәара ҟаҳҵеитт афинанстә цхыраара ҳарҭарц. Мшаԥымзазы мацара ҳара ҳлагалақәа 207 миллион еиҵаханы идыртәеит, лаҵарамзатәи арбагақәа еиҳагьы илаҟәуп", - ҳәа иҳәеит атәыла ахада.

Ахада иазгәеиҭеит иуадаҩу аекономикатә ҭагылазаашьақәа раан ихадоу усны ишыҟоу аҳәынҭқарра ауааԥсыра рҿаԥхьа иаду анормативтә уалԥшьақәа рынагӡара. Иара иажәақәа рыла, абиуџьет аҿы иазымхо аԥарақәа ханарҭәаауеит Урыстәыла.

"Аԥхьа иргыланы ари аулафахәқәа, атәанчахәытәи асоциалтәи шәарақәа, амедицинатә цхыраареи ракәхоит", - иҳәеит Аслан Бжьаниа, иагьазгәеиҭеит абиуџьет аиҭахәаԥшраан хымԥада Апарламент абри азҵаара аӡбра ишалахәхо.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа рашәара 2 рзы ареспублика Апарламент адепутатцәа дырԥылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0