Гагра араион атуризм азы аусбарҭа аиҳабы даҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация Гагрского района
Администрация Гагрского района  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахра Бганба Гагра араион ахадара атуризми акурортқәеи рзы аусбарҭа аиҳабыс иҟаҵаразы аусдҵа инапы аҵаиҩит Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь.

АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Ахра Бганба Гагра араион ахадара атуризми акурортқәеи рзы аусбарҭа аиҳабыс иҟаҵара атәы аҳәоит ахадара асаит аҟны.

Ахра Бганба диит 1986 шықәсазы.

Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарратә университет "Эрджиес" далгеит (аекономика афакультет). Уи ашьҭахь аҵара иҵон Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарратә университет "Анатолиа" аҿы.

Аус иуан атуризм аусхк аҟны.

2016 шықәса раахыс – Гагра араион Аизара адепутат, аԥсуа бызшәеи, акультуреи, абаҟақәа рыхьчареи рзы акомиссиа ахантәаҩы.

Аԥсуа, аурыс, англыз, аҭырқәа бызшәақәа идыруеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0