"Аԥсны агәадура" алахәхаразы 100-ҩык инареиҳаны арзаҳалқәа аларҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБудущее Абхазии
Будущее Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" ашьаҭала имҩаԥысуа аицлабра "Аԥсны агәадура" арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит хәажәкыра 2 рзы. Ари апроект рхы аладырхәыр рылшоит 35 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҿарацәа.

АҞӘА, рашәара 9 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 100-ҩык инареиҳаны ауаа арзаҳалқәа аларҵеит асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" ашьаҭала имҩаԥысуа аицлабра "Аԥсны агәадура" алахәхаразы, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит аицлабра амаӡаныҟәгаҩ Милана Ҳашԥҳа.

Президент Абхазии провел встречу с Иналом Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа: аицлабра "Аԥсны агәадура" анапхгаҩ ҿарацәа аанарԥшыроуп

Рашәара 10 - онлаин-арзаҳал алаҵара аналшо аҵыхәтәантәи амш ауп. Ҳашԥҳа лажәақәа рыла, аицлабра рхы аладырхәыр рылшоит ауниверситетқәа аҵыхәтәантәи акурсқәа рыстудентцәеи 35 шықәса рҟынӡа зхыҵуа иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәеи.

Арзаҳалқәа рыдкылара иалагаанӡа аиҿкааҩцәа Аԥсны араионқәа зегьы рҟны аҿар рхаҭарнакцәеи дареи реиԥыларақәа мҩаԥыргеит.

Ҳашԥҳа излалҳәаз ала, арҭ аиԥыларақәа рыҟны зегь реиҳа изызҵаауаз аусурҭаҭыԥқәа ракәын.

"Аҿар ирҳәон аҵараиурҭақәа ианрылгалак ашьҭахь аусурҭаҭыԥқәа рыԥшаара шырцәыуадаҩу. Дара азҿлымҳауп аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыҟны аусура, избан акәзар дара ибзианы еилыркаауеит ҳҭагылазаашьа аԥсахра шаҭаху, асистема шеиҭактәу, уала-ҭахыла акәымкәа, аицлабра ҳасабла амаҵурахьы анеира шаҭаху. Ари аицлабра аҿар рхы аарԥшразы алшара рынаҭоит, уи аҳәынҭаппарат арҿыцра иазырхоуп", - лҳәеит лара.

Онлаин-арзаҳалқәа ирылоуп ихақәиҭу аформала еиқәыршәоу арезиуме, 2030 шықәсазы Аԥсны зеиԥшрахар акәуи, насгьы ус иҟаларц азы иҟаҵатәуи иазку хминуҭк ирҭагӡоу авидео-ессе. Актәи аетап аан 50-ҩык атестқәа ирыхрыжьуеит, ирыҿцәажәоит, иара убас анапхгараҭаратә хәмаррақәа ирылахәхоит. Аҵыхәтәантәи аетап аан 25-ҩык аҿар Аԥсны аҿиаразы рхатәы проектқәа цәырыргоит. Ҭагалан имҩаԥысраны иҟоу афинал ахь инеиуеит хәҩык аиааира згаз, урҭ астажировка иахысуеит Урыстәыла аӡбарҭатә, азакәанԥҵаратә, анагӡаратә мчрақәа русбарҭақәа рҟны, дара алахәылаҩцәа рхаҭақәа ишалырхуа еиԥш.

"Аԥсны агәадура" - анапхгараҭаҿы аус зур зылшо аҿар реицлаброуп, уи хықәкыс иамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы абаҩхатәра злоу аҿар раарԥшреи рыдгылареи. Аиҿкааҩцәа ргәы излаҭаркыз ала, ари аицлабра анапхгаҩцәа ҿарацәа рзы социалтә цхыраагӡахоит, шьаҭасгьы иазыҟалоит ламыс злоу, зус здыруа абиԥара ҿа рыбзоурала аҳәынҭқарратә аппарат арҿыцра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0