Абиуџьет ахь сынтәатәи алагалақәа ҵыԥхтәиқәа раасҭа еиҳахеит

CC0 / / Калькулятор
Калькулятор  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҵыԥхтәи ашықәс абри аамҭа иаҿырԥшны сынтәа Аԥсны абиуџьет ахь ашәахтә лагалақәа рымҽхак 103,1% рҟынӡа инаӡеит.

АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik. 2020 шықәса раԥхьатәи хәымз рзы абиуџьет ахь ашәахтә лагалақәа идыртәеит 849,7 миллион мааҭ, планла иарбаз 871,4 миллион мааҭ рҭыԥан, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра асаит аҟны.

Адырраҭараҿы иара убасгьы иазгәаҭоуп аплан анагӡара 97,5% ишыҟоу. Ҵыԥхтәи ашықәс абри аамҭа иаҿырԥшны ашәахтәқәа ралагалара амҽхак 103,1% артәеит.

2020 шықәса раԥхьатәи хәымз рзы Аԥсны абиуџьет ахь ашәахтә лагалақәа
Абиуџьет ахь сынтәатәи алагалақәа ҵыԥхтәиқәа раасҭа еиҳахеит - Sputnik Аҧсны
2020 шықәса раԥхьатәи хәымз рзы Аԥсны абиуџьет ахь ашәахтә лагалақәа

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Даур Кәырмазиа Аԥсны аԥыза-министр иԥылараан иазгәеиҭеит рашәара 1 азтәи аҭагылазаашьала ашәахтә уал шылаҟәыз мызкахьтә мызкахьы иҟоу астандарттә шәагаақәа рҟынӡа, иагьартәеит 102 миллион мааҭ.  

Уи иаанагоит ииасхьоу аамҭақәа рзы иҟаз ауалқәа рыла ишьақәгылаз ашәахтә ҭаҵәах еиҵахеит ауп, убри азы ауалқәа рыхҩара иабзоураны аплан ахыхь аусура азыԥшра аҭахӡам, убри ахыԥхьаӡараҿы 2019 шықәсазтәи ауалқәагьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0