Иаҳаркыр акәхоит: Агәыӡератәи агоспиталь аҳақьым хада Бжьаниа иахь аҳәамҭа ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАгудзерский военный госпиталь
Агудзерский военный госпиталь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аусбарҭахь иаҵанакуа ахыбрақәа рҿы арратә госпитали Гәылрыԥшь араионтә хәышәтырҭеи ыҟоуп, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аус руеит аҟәшақәа жәаба.

АҞӘА, рашәара 14 - Sputnik. Агәыӡератәи арратә госпиталь аҳақьым хада Зураб Ачба Аԥсны ахадеи аԥыза-министри рахь аҳәара ҟаиҵеит агоспиталь аҭагылазаашьа бааԥс лабҿаба ирбарц азы иаҭаарц.

"Абрахь имааир, ҳара (агоспиталь аколлектив - аред.) агоспиталь аркны аусурахь ҳҭыҵӡом, уи аҩыза азин ҳхахьы иаҳгоит", - абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Ачба Аԥсуа телехәаԥшра арепортаж аҿы.

Иара иажәақәа рыла, ахәышәтәырҭа иаҭаауа ачымазцәа рхыԥхьаӡара ҳтәыла егьырҭ ахәышәтәыртақәа ирҭаауа раасҭа еиҳауп, иахьатәи аамҭазы ара рҽырхәышәтәуеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруааи урҭ рҭаацәарақәеи, ареспубликаҿы зыррамаҵура зхызго урыстәылатәи аруааи урҭ рҭаацәарақәеи, Ашәарҭадаратә маҵзура, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳазалхратә еилакы русузҩцәа, араион ауаажәларра.

© Абхазское телевидениеАрратә госпиталь аҿы алифт ахаангьы аус ауӡомызт
Иаҳаркыр акәхоит: Агәыӡератәи агоспиталь аҳақьым хада Бжьаниа иахь аҳәамҭа ҟаиҵеит - Sputnik Аҧсны
Арратә госпиталь аҿы алифт ахаангьы аус ауӡомызт

Ахәышәтәырҭаҿы ахаангьы алифт ауӡомызт, убри амшала аахақәа рыҟәшахьы апациентцәа шьапыла ихалалар ауп. Аӷәраҵаҿы (аподвал - аред.) ацрыҵқәа еизыкәкәоит, уи иахылҵуа афҩы цәгьа ааигәа иҟоу ахәыҷтәы ҟәшахьы инеиуеит.

© Абхазское телевидениеАӷәраҵаҿы ацрыҵқәа еизыкәкәоит
Иаҳаркыр акәхоит: Агәыӡератәи агоспиталь аҳақьым хада Бжьаниа иахь аҳәамҭа ҟаиҵеит - Sputnik Аҧсны
Аӷәраҵаҿы ацрыҵқәа еизыкәкәоит

Агоспиталь ахь иаҵанакуа ахыбрақәа зегьы рҭагылазаашьа бааԥсуп, апациентцәа рзеиԥш аҳақьымцәа рызгьы ишәарҭоуп уа аҟазаара ҳәа азгәеиҭеит Ачба. Иҩнагылоу амаругақәа ракәзар, урҭ 70-80-тәи ашықәсқәа рзы иҟаҵаз роуп.

© Абхазское телевидениеАгоспиталь аҿы аус зларуа амаругақәа 70-80-тәи ашықәса рзы иҟаҵақәаз роуп
Иаҳаркыр акәхоит: Агәыӡератәи агоспиталь аҳақьым хада Бжьаниа иахь аҳәамҭа ҟаиҵеит - Sputnik Аҧсны
Агоспиталь аҿы аус зларуа амаругақәа 70-80-тәи ашықәса рзы иҟаҵақәаз роуп

Аҳақьым хада  инаҵшьны иҳәеит аррамаҵзуҩцәа иақәнагоу хәшәыла ишеиқәыршәоу, избанзар Атәылахьчара аминистрра аганахьала иахәҭоу ацхыраара ыҟоуп.  

"Атәылахьчара аминистрра аганахьала гәынамӡаракгьы ахаан иҳамамызт, иақәнагаз ала еснагь ҳаиқәдыршәоит, Агәабзиарахьчара аминистрра акәзар, урҭ ахаан акгьы ҳарҭаӡомызт, егьырҭ ахәышәтәырҭақәа ишрырҭо еиԥш - маругоума, хәшәума, акгьы, ахьаахҽыгақәеи, арҩашьыгақәеи (анаркоз - аред.), ахәыҷтәы лаҵақәеи рыда", - иҳәеит Зураб Ачба.

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра Арратә госпиталь хада Гәылрыԥшь араион Агәыӡера аҳаблан игылоуп. Уи аԥҵан жьҭаара 20, 1995 шықәсазы уа иҟаз Аҟәатәи афизика-техникатә институт Амедсанхәҭа аҭыԥан. 2010 шықәсазы ҳақьым хадас даҭан Зураб Ачба. 

Ажәабжьқәа зегьы
0