Министрцәак рхаҭыԥуааи ҳәынҭеилакқәак рхадацәеи аҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация президента
Администрация президента  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥымзазы Аслан Бжьаниа ишьақәирӷәӷәеит Аминистрцәа реилазаара аструктура. Аминистрцәа рхыԥхьаӡара 12 рҟынтәи 14 рҟынӡа ихалеит.

АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Аминистрцәа реилазаара асаит аацҳарала акадртә уснагӡатәқәа мҩаԥгоуп: аминистрцәа рхаҭыԥуаа ԥшьҩык, аҳәынҭеилакқәа рхадацәа рхаҭыԥуаа ҩыџьа, аҵиаақәа ркарантин азы Аҳәынҭинспекциа ахада ихаҭыԥуаҩи архивтә усбарҭа ахада ихаҭыԥуаҩи аҭоуп.

Кабинет министров республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны
Ареформақәеи аркьаҿрақәеи: Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аҽеиҭакшьа

Аминистрцәа реилазаара аусԥҟала:

Мераб Логәуеи Ремзи Кәыҵниеи – Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр ихаҭыԥуаа

Ирма Амҷԥҳа –  Афинансқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ

Саид Гәбаз –  Афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ

Динара Смырԥҳа – Акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ

Лела Каҷарааԥҳа – Астатистиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ

Беслан Қарчаа – Аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ

Алмасхан Қьецба – аҵиаақәа ркарантин азы Аҳәынҭинспекциа ахада ихаҭыԥуаҩ

Дмитри Еныкь – Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа ахада ихаҭыԥуаҩ.

Аԥсны уаанӡатәи аиҳабыра анапынҵақәа шьҭанаҵеит мшаԥы 24 рзы. Аилазаара ҿыц хымз рыҩнуҵҟа еиҿкаахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0