SputnikPro авебинар: уажәабжь ацитата алырхырц азы иҟаҵатәуи

© Sputnik / Томас ТхайцукСпутник лого
Спутник лого - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik имҩаԥнагоит арккаратә программа SputnikPro аҳәаақәа ирҭагӡаны онлаин-сессиақәа.

Рашәара 19 асааҭ 13:00 рзы имҩаԥысраны иҟоуп авебинар абри атемала: "Адыррақәа ржурналистика: уажәабжь ацитата алырхырц азы аҭҵаарақәа шԥамҩаԥгатәу?"

Ареитингқәа рҿы аԥхьаҩцәа интересс иркуеи? Иарбан темақәоу имажәуа? Аинформациа ахыҵхырҭа алхра апринцип шԥаҟоу? Астатистикатә рбагақәа абауԥшаауеи? Абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟаиҵоит Аекономикатә ҭҵаарақәа рцентр афинанстә институтқәа ранализ аусбарҭа аиҳабы Андреи Манько.

© Foto / РИА НовостиАндреи Манько
SputnikPro авебинар: уажәабжь ацитата алырхырц азы иҟаҵатәуи - Sputnik Аҧсны
Андреи Манько

Андреи Манько – аекономист, 2006 шықәса рзы Аекономика иреиҳаӡоу ашкол амагистратура далгеит. Аус иуан аконсалтинг аҿы, иара убасгьы 2005 шықәса раахыс аекономикатә аналитика аусхк аҿы. 2011 шықәса раахыс РИА Новости Аекономикатә ҭҵаарақәа рцентр афинанстә институтқәа ранализ аусбарҭа аиҳабыс.

Онлаин-сессиахь ааԥхьара рымоуп афотоҭыхыҩцәа, абильдредакторцәа, ажурналистцәа, аблогерцәа, АИХқәа рхадацәеи апресс-маҵзурақәа русзуҩцәеи. Ахалархәра зҭаху ашәҟәы нарышьҭыр ҟалоит рхалархәышьа арбаны. Инарҭбаау аинформациа шәоур шәылшоит абри аҭел ала: +7 940 9977022.

SputnikPro — ааигәатәи аҳәаанырцә ажурналистцәа рзы имҩаԥырго рккаратә проект ҷыдоуп.

Апроект SputnikPro урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии иреиӷьу амедиаменеџьерцәа, ажурналистцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа, аблогерцәа, аиҳабыратә курсқәа рыстудентцәа уҳәа имҩаԥырго асеминарқәеи, амастер-классқәеи, алекциақәеи ирсистемоуп. Адунеи атәылақәа 22 рҟны: Ермантәыла инаркны Индианӡа, Бырзентәыла инаркны Китаинӡа имҩаԥыргахьеит. 2018 шықәса раахыс апроект рхы аладырхәхьеит 80 тәыла рҟынтәи 3000-ҩык алахәылацәа. Иҿыцу ажәабжьқәа Facebook аҟны шәрызҿлымҳаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0