Бжьаниеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахаҭарнакцәеи Аиҩызаразы аиқәшаҳаҭра иалацәажәеит

© SputnikАслан Бжания встретился с послом России в Абхазии Алексеем Двиняниным
Аслан Бжания встретился с послом России в Абхазии Алексеем Двиняниным  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахаҭарнакцәеи Аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы аиқәшаҳаҭра атәылахьчареи ашәарҭадареи рызҵаарақәа ирызку ахәҭа анагӡашьа иалацәажәеит.

АҞӘА, рашәара 17 – Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусбарҭа, Атәылахьчареи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррақәеи рхаҭарнакцәа идикылеит рашәара 17 рзы.

"Ҳаизыҟазаашьақәа ирымоу аиҩызаратә шьаҭа азгәаҭо, иазысыԥхьаӡоит Аԥсны аҵакыраҿ иҟоу Урыстәыла ахаҭарнакцәеи ҳареи аинырра ӷәӷәа ҳамазароуп ҳәа. Иааиуа амчыбжь азы Аиааира апарад алахәхаразы Москваҟа сцоит. Уахь сцаанӡа исҭахын ҩ-ганктәи аусеицура иазку азҵаарақәак ҳрылацәажәарц", - иҳәеит ахада.

Аслан Бжьаниа ажәалагала ҟаиҵеит 2014 шықәса рзы напы зҵаҩыз Аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәак ирылацәажәарц.

"Ирацәоуп инагӡоу ауснагӡатәқәа, иҟоуп макьана ҳазхьымӡац. Аиқәшаҳаҭра азырхан ҳаизыҟазаашьақәа аимпульс ҿыц рыҭара. Иара аусура Аԥсны аиԥш Урыстәыла ауааԥсыра рызгьы хра аманы иҟоуп", - азгәеиҭеит иара.

© SputnikАԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини
Бжьаниеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахаҭарнакцәеи Аиҩызаразы аиқәшаҳаҭра иалацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин иазгәеиҭеит урыстәылатәи аган шазыхиоу аҳәынҭқаррабжьаратә документқәа зегьы рылацәажәара.

"Иазгәасҭар сҭахуп Адәныҟаполитикатә ԥшьгамҭақәа рганахьала напы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра иахәҭаку Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рыбжьара амеморандум ԥкырак амамкәа аус шауа. Сгәы иаанагоит атәылахьчара, ашәарҭадара, асоциал-економикатә ҿиара рганахьалагьы аиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьақәа нагӡахоит ҳәа", - иҳәеит Ацҳаражәҳәаҩ.

Премьер-министр РФ Д. Медведев провел заседание правительства РФ - Sputnik Аҧсны
Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара Аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит

Аслан Бжьаниа ажәалагала ҟаиҵеит аиқәшаҳаҭра ахәбатәи ахәҭаҷ – атәылахьчареи ашәарҭадареи рзеиԥш ҵакыра атәы иалацәажәарц, ажәадгалагьы ҟаиҵеит еидҵоу азеиԥш гәыԥ аԥҵазарц.

"Ари аиԥш агәыԥ аԥҵатәуп аҳәынҭқарратә ҳәаа аицыхьчаразы. Агәыԥ аԥҵоуп, аха аматериал-техникатә еиқәыршәара аганахьала инагӡам азҵаарақәа", - иҳәеит ахада, иагьациҵеит Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа рнапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра анагӡара аҵак ду шамоу.

Абри ашьҭахь аиԥылара иацырҵеит ажурналистцәа аламырхәӡакәа.

Аиԥылара иалахәын Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Алексеи Трубецкои, Урыстәылатәи абыжьбатәи арратә база адҵаҟаҵаҩ Олег Сеньков, Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩцәа Александр Опарини Владислав Нечипоренкои, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ААР ахаҭарнак Станислав Апсаваи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0