Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара Аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит

© Sputnik / Екатерина Штукина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПремьер-министр РФ Д. Медведев провел заседание правительства РФ
Премьер-министр РФ Д. Медведев провел заседание правительства РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы инхо Урыстәыла атәылауаа хаз игоу рыхәҭак хәшәыла реиқәыршәаразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра иалацәажәеит аратификациа азуразы Урыстәыла аиҳабыра рҟны.

АҞӘА, абҵара 17— Sputnik. Аԥшьаша, абҵара 16 рзы иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы инхо Урыстәыла атәылауаа хаз игоу рыхәҭак хәшәылеи медицинатә хархәагалеи реиқәыршәаразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра иалацәажәеит Урыстәыла аиҳабыра рҟны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла аиҳабыра рсаит аҟны ицәыргоу аӡбрақәа реиқәыԥхьаӡа шьаҭас иҟаҵаны.

Повседневная жизнь - Sputnik Аҧсны
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра иалацәажәараны иҟоуп

Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп 2017 шықәса рашәарамза 22 рзы Москва ақалақь аҟны. Аиқәшаҳаҭра азырхоуп иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы инхо Урыстәыла атәылауаа хаз игоу рыхәҭак арецептқәа рыла зыда ԥсыхәа рымам хәшәылеи медицинатә хархәагалеи реиқәыршәара.

Азакәан апроект иахәаԥшит, ибзиоуп ҳәагьы ахырҳәааит абҵара 7 рзы Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра азакәанԥҵаратә усуразы акомиссиаҿы.

Уаанӡа, иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы инхо Урыстәыла атәылауаа хаз игоу рыхәҭак хәшәылеи медицинатә хархәагалеи реиқәыршәаразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҿы иаздырхиахьан альготақәа зҭатәу рсиеи ихымԥадатәиу ахәшәқәа рреестри.

"Афедералтә закәан апроект ибзиоуп ҳәа ахҳәаазааит, Аҳәынҭқарратә Думахь инагазааит ишьақәыргылоу аԥҟарала" ҳәа аҳәоит аиқәыԥхьаӡаҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0