Аекономика аминистрра: Аҟәатәи ашкол №2 аремонт мызкы аҩныҵҟала ихыркәшахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукВосстановление кровли второй школы после пожара, 17 июня 2019
Восстановление кровли второй школы после пожара, 17 июня 2019 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи абжьаратә школ №2 аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа мызқәак иаанкылан, урҭ мышқәак раԥхьа ихацыркхеит ҳәа лҳәеит Аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа.

АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа илҳәеит Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол №2 аремонт амза аҩныҵҟа ихыркәшахоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит аминистрра асаит.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, ашкол аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит Аԥсны аҳәынҭбиуџьет аҟынтәи, асметатә хәыԥса - 72,9 миллион мааҭ. Иахьазы иазоужьуп 68 миллион. Аобиект азырхиоуп 80% рыла.

Кристина Озган  - Sputnik Аҧсны
Озган анардадаҩцәа рус ҟарымҵар Апрокуратура хадахь дшырзашшуа лҳәеит

"Аиҳабыра ашкол аиҭарҿыцра азырхианы аобиект аҵара иазырхиатәуп ҳәа адҵа ҟарҵоит", - лҳәеит Кристина Озганԥҳа.

Уаанӡа лара Гәыматәи амҩа аиҭашьақәыргылара иахьаҿу днеины игәалҭеит аусурақәа шцо. Иазгәаҭан анардадаҩцәа Каманҟа узлацо амҩа аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа рыграфик шеиларгаз. Ҿыц иадԥхьалан анардадаҩцәа. Иахьатәи аамҭазы Аԥсны Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, аусурақәа мызк аҩныҵҟа ихыркәшахоит.

Озганԥҳа иара убасгьы даҭааны илбеит Аинвестпрограмма 2017-2019 иаҵанакуа Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы аусурақәа рцашьа.

Мызкы аԥхьа анардадаҩ инаигӡаз аусурақәа аҽыԥныҳәа рыҭан. Уажәазы адәахьтәи аусурақәеи аҩныҵҟатәи аусурақәеи еиҭахацыркуп. Анардадаҩ арҽеирақәа мҩаԥигоит.

Арҭ аобиектқәа рзы асметатә документациа хиоуп лассы аекспертиза ҟаҵахоит ҳәа лҳәоит Кристина Озганԥҳа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0