Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрс дҟаҵоуп Беслан Џьапуа

Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иусԥҟала Беслан Џьапуа Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс даҭан мшаԥымза 28 рзы.

АҞӘА, рашәара 19-Sputnik. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит аусԥҟа аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр иҟаҵаразы.

"Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Цыба-иԥа Џьапуа Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр дҟаҵазааит", - аҳәоит Атәыла ахада иусԥҟаҿы.

Беслан Џьапуа диит 1962 шықәсазы. Далгеит Аҟәатәи ақыҭанхамҩатә факультет (ГИСХ). 1992-1993 шықәсқәа рзы далахәын Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра.

1993 шықәса инаркны аус иуан Очамчыратәи ачаифабрикаҿы нџьнырс.

2007 шықәсазы Жәлар Реизара Апарламент адепутатс далырхит.

2011-2014 шықәсқәа рзы Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрс дыҟан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0