Ҭенгиз Лакербаиа ԥшьышықәсеи бжаки иқәырҵеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтатуя Фемиды
Статуя Фемиды  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭенгиз Лакербаиа, Тенгулиаш ҳәа хьыӡшьарас измоу, ахара идҵан аӷьычразы, анаркотикқәа рыҵәахразы, закәаншьаҭада абџьар аҵәахреи, аныҟәгареи, амҩангареи рзы.

АҞӘА, рашәара 26 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аӡбарҭа Ҭенгиз Лакербаиа ԥшьышықәсеи бжаки иқәырҵеит ахараԥса 50 000 мааҭ ацҵаны. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

Ҭенгиз Лакербаиа ахара идҵан аӷьычразы, анаркотикқәа рыҵәахразы, закәаншьаҭада абџьар аҵәахреи, аныҟәгареи амҩангареи рзы. Убри аан иара ихара ихыхын "ахыбра иҩналаны аӷьычра" аҟынтә.

Абарҭ рҩызцәа ахарақәа реидкыла даҵанакуан 2019 шықәса цәыббра 21 рзы Лакербаиа данааныркылоз ицааныркылаз Омари Гәлиа. Гәлиа иус ӡбаны иқәҵан хәышықәсеи хымзи, хараԥсала 40 000 мааҭ аҳәынҭқарра ахархәараз алагалара ацҵаны.

Ахарадҵаратә ган аҳәара ҟанаҵеит, Гәлиеи Лакербаиеи азакәанеидкыла ахәҭаҷқәа инарықәыршәаны, Гәлиа жәашықәса ҭакралеи хараԥсаны 100 000 мааҭ ашәареи иқәҵазарц, Лакербаиа – 20 шықәса ҭакралеи хараԥсала 170 000 мааҭ иқәҵазарц.

Омари Гулиеи Ҭенгиз Лакербаиеи ахара рхароуп ҳәа иԥхьаӡам рхара шьақәыргыланы аӡбарҭатә шьауӷа азинмчра аиуаанӡа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0