Аԥсны анапхгара аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҿы аҳәса аӡы иагеит ҳәа ирыларҵәоу аҿаԥырҽуеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМост на реке Ингур, соединяющий Грузию с Абхазией. Архивное фото.
Мост на реке Ингур, соединяющий Грузию с Абхазией. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қырҭтәылатәи АИХқәа рҟны амҽыша ицәырган аинформациа ҩыџьа ауаа Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа Егры шьапыла ианырсуаз иӡааҟәрылеит ҳәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Гал араион ахада Омар Бганба Егры шьапыла рырсраан иӡааҟәрылаз рыԥсыбаҩқәа Ҭаӷьлан ақыҭахь инаргеит ҳәа ирҳәаз иашам ҳәа ахиҳәааит. Абри атәы иара Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит.

"Ҭаӷьлан ақыҭа ахадеи сареи ҭелла ҳаицәажәон. Аӡәгьы иԥсыбаҩ уахь инагам", - иҳәеит Бганба.

Уаанӡа Қырҭтәылатәи АИХқәа рҟны амҽыша ицәырган аинформациа ҩыџьа ауаа Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа Егры шьапыла ианырсуаз аӡы иагеит, урҭ рыԥсыбаҩқәа Ҭаӷьлан ақыҭахь инагоуп ҳәа.

Гал араион ахада Омар Бганба иҳәеит АИХ аҿы зыӡбахә ҳәоу руаӡәк лхаҭара шьақәыргылоуп, лара лыԥсы ҭоуп, рашәара 30 раахыс Қырҭтәыла аҽыхәышәтәра даҿуп ҳәа.

"Аԥсны АШәМ-и урыстәылатәи Аҳәаахьчаратә усбарҭеи сыҽрымаздеит. Дара ирҳәеит зыӡбахә ҳәаз аҳәса руаӡәк рашәара 30 рзы Қырҭтәылаҟа ацаразы азин шлыҭаз. Лыуацәа рыԥшааит. Урҭгьы ирҳәеит лара наҟтәи аганахь дшыҟоу", - иҳәеит Бганба.

Бганба иазгәеиҭеит ари аҭагылазаашьа шеилыргахо.

Ажәабжьқәа зегьы
0