АҞӘА, ԥхынгәы 6 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны аиустициа аминистрс дҟаиҵеит Анри Барцыц ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Анри Барцыц диит абҵара 6, 1990 шықәса рзы Аԥснытәи АССР Гәдоуҭа ақалақь аҿы.
2007 – 2012 шш. – Москватәи аҳәынҭқарратә иуристтә университет астудент.
2012 – 2015 шш. – Москватәи аҳәынҭқарратә иуристтә университет аконституциатәи амуниципалтәи зин акафеда аспирантураҿ аҵара иҵон.
2017 шықәса рзы – аиуристтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҭҵаарадырратә ҩаӡара иоуит.
2018 шықәса раахыс аҭҵаарадырратә гранттә проектқәа рлахәыла.
Авторс дрымоуп 20 инарзынаԥшуа аҭҵаарадырратә статиақәа. Абакалаврцәеи амагистрцәеи рзы арҵагақәа рыцавтор.
2013 – 2014 шш. – Урыстәыла аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра аҵарауааи аҭҵаарадырра-педагогикатә усзуҩцәеи аттестациа рзуразы Адепартамент азинтә ҟәша аиуристконсультант.
2014 шықәса инаркны иахьанӡа – Москватәи аҳәынҭқарратә иуристтә университет аконституциатәи амуниципалтәи зин акафедра арҵаҩы, арҵаҩы еиҳабы.
2017 – 2019 шш. – Иреиҳаӡоу аҵара Афедералтә ҳәынҭқарратә биуџьеттә ҵаратә усбарҭа Москватәи аҳәынҭқарратә иуристтә университет аконституциатәи амуниципалтәи зини ркафедра аиҳабы ихаҭыԥуаҩ.
Дҭаацәароуп. Ҩыџьа ахшара драбуп.
Уаанӡа Аԥсны аиустициа аминистрс дыҟан Марина Ԥлиаԥҳа.