Аԥсны аҭаацәеи, абзиабареи, гәыкала аизыҟазаареи рымш азгәаҭара ахыргоит

© Fotolia / Studio MikeПожилые люди держатся за руки
Пожилые люди держатся за руки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса рзы Аҭаацәеи, абзиабареи, гәыкала аизыҟазаареи рымш азы Аԥсны араионқәа рҟынтәи ԥшь-ҭаацәарак алкаахараны иҟан.

АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik. Россотрудничество Аԥсны имҩаԥнагалоз Аҭаацәеи, абзиабареи, гәыкала аизыҟазаареи рымш акоронавирустә инфекциа иахырҟьаны азгәаҭара амш ахыргеит. Абри атәы аанацҳауеит Россотрудничество ахаҭарнакра.

"Сынтәа акоронавирустә епидемиа иахырҟьаны ныҳәаҳасабла иалкаау аҭаацәарақәа рԥылара аҿҳәара иахыгоуп. Арыцхә макьаназ ишьақәыргылам. Россотрудничество ахаҭарнакра гәыкала ишәыдырныҳәалоит аҭаацәеи, абзиабареи, гәыкала аизыҟазаареи рымш. Аҭынчра, аманшәалара, агәабзиара шәымазааит!" - ҳәа аҳәоит аацҳамҭа.

2020 шықәса рзы  Аԥсны араионқәа рҟынтәи ԥшь-ҭаацәарак Аҭаацәеи, абзиабареи, гәыкала аизыҟазаареи рымш азы иалкаахараны иҟан:

  • Николаии Џьульеттеи Боштавенко 2020 шықәса рзы иазгәарҭоит  – рзеиԥш ԥсҭазаара 50 шықәса ахыҵра;
  • Аполлони Ларисеи Думаа 49 шықәса ҵуеит еицынхоижьҭеи;
  • Кирилли Маргаритеи Қәаранӡиаа 2020 рзы иазгәарҭоит 62 шықәса реицыҟазаара;
  • Аслани Фатимеи Ҭараа – рҭаацәара 40 шықәса ахыҵуеит.

Аҭаацәеи, абзиабареи, гәыкала аизыҟазаареи рымш официалла ишьақәырӷәӷәан 2008 шықәса ԥхынгәы 8 рзы. Адгылара анаҭеит Урыстәыла адинбжьаратә Хеилак. Символны аныҳәа иаиуит ашьхакакаҷ ашәҭ. Ашьҭахь аныҳәа ахатә медал азырхәыцит. Иара аганқәа руак аҿы ашәҭ анырҵеит, егьи аган аҿы – Пиотри Феврониеи рхаҿсахьақәа.

Аҵыхәтәантәи ажәашықәса Аԥсны иалыркаауеит 25 шықәса еиҵамкәа еицынхо аҭаацәара ҿырԥшыгақәа. Урҭ аныҳәатә ҟазшьа аманы амедалқәа ранаршьоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0