Акарантиншьҭахь раԥхьатәи аконцерт мҩаԥгахоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазская государственная филармония имени Р. Д. Гумбы в Сухуме.
Абхазская государственная филармония имени Р. Д. Гумбы в Сухуме. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 15 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусдҵала иаԥыхын амассатә культуратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараз аԥкырақәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Акарантин ашьҭахь раԥхьатәи аконцерт мҩаԥгахоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны ԥхынгәы 15 рзы.

Зрители - Sputnik Аҧсны
"Оскар", "Аҿар рыбжьы", "Цилиндр": акарантиншьҭахьтәи акультуратә афиша

Афилармониа асолистцәа Нана Черқьезиаԥҳаи Алхас Ферзбеи азыӡырыҩцәа ирыдыргалоит аурыс романсқәа, европатәии урыстәылатәии акомпозиторцәа рырҿиамҭақәа рҟынтәи ариақәа. Афортепиано арҳәаҩы – Асҭанда Џьыкырԥҳа, аконцерт амҩаԥгаҩ – Есма Џьениаԥҳа.

Ишырҳәо ала, афилармониаҿ есыҽны арепетициақәа мҩаԥысуеит.

"Ҳәарада апрограмма ҿыц азҳархиоит. Аҿыцрақәа шәыдаагалоит", - ҳәа лҳәеит Афилармониа аӡыргаразы аҟаза Арифа Капԥҳа.

Афилармониа аусура аанкылан хәажәкырамза анҵәамҭазы акоронавирус инадҳәаланы. Атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инамаданы есышықәса имҩаԥыргоз аконцертқәа хԥа аҟәыхын: марттәи ажәылара ахьӡала аконцерт, аџьаз афестиваль, ахортә фестиваль.

"Аконцертқәа разырхиара иаҿуп: Кристина Ешԥҳа, Альдона Цкуәуаԥҳа, иҟалап Елена Анқәабԥҳагьы", - ҳәа азгәалҭеит Арифа Капԥҳа.

Аконцерт мҩаԥгахоит ԥхынгәы 15 асааҭ 19:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0