Александр Хроленко, арратә хҳәааҟаҵаҩ
Хнызқьҩык инарзынаԥшуа аԥснытәии урыстәылатәии аррамаҵзурауаа алахәуп Аԥсны имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа. Аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит ԥхынгәы 8 рзы аполигонқәа Нагвалоуи Ҵабали рҿы. Ахархәара рыҭоуп 300 ак арратә техника ҷыда: акәылӡтәы транспортиорқәа БТР-82А, атанкқәа Т-72Б3 алархәны. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи рхаҭарнакцәа.
Ашьхаратә ҭыԥқәа рҿы аԥснытәи абаталионтә тактикатә гәыԥқәеи урыстәылатәи Абыжьбатәи арратә база аруааи арратә авиациа ахархәарала аманиоврқәа ҟарҵоит. Амшын аԥшаҳәаҿы амотохысцәеи, аҳауаҽацәыхьчаратә ҟәшақәеи, аԥшыхәцәеи, артиллеристцәеи ахыхьчаратәи ажәыларатәи маниоврқәа мҩаԥыргоит.
Аԥсны иҟоу арратә база апрактикатә ҽазыҟаҵарақәа 2020 шықәса рзы 10% ирыцлоит. Зынӡа имҩаԥгахоит 1000 рҟынӡа ҽазыҟаҵареи тактикатә ҵареи зхала иныҟәо агаубицақәа "Акациеи" ареактивтә система "Гради" алархәны. Аполигонқәа рҿы урыстәылатәи аруааи аԥснытәи аруааи еивагыланы рнапынҵақәа нарыгӡалоит.
Еидкылоу арратә гәыԥ адәныҟатә шәарҭарақәа ирнырԥшуп. Аԥсуа жәлар рҭоурыхтә ҭахра хьаас имкыкәа Қырҭтәыла ар амч еизнарҳауеит. Ԥхынгәымза алагамҭазы Қырҭтәыла ахада Саломе Зарубишвили, Қырҭтәыла арбџьармчқәа рнапхгаҩ ҿыц аинрал-маиор Георги Матиашвили иахь лхы нарханы илҳәеит: "Шәара ҳар Қырҭтәыла акзаарахь анагара шәаҿын" ҳәа.
Амшын еиқәа арегион аҿы НАТО аамҭа-аамҭала ахы цәырнагоит, алианс алархәны ақырҭуа ҵакыраҿ аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит. Абри зегьы аҭак аиуеит.
Атактикатә фон
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿ урыстәылатәи арратә база аруааи аԥснытәи аррамаҵзурауааи ҩымш ирықәуп ҩ-ганктәи абатальон-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоижьҭеи амшын аԥшаҳәаҿи ашьхараҿи. Абатальон-тактикатә гәыԥқәа арратә авиациеи амшынтә флоти алархәны дара-дара "еибашьуеит".
"Аӷа" итыл иҭалаз урыстәылатәи арратә база аруаа ԥхынгәы 8 рзы аҽазыҟаҵаратә лагер еилаԥырыххааит. Убри аан ахархәара рыҭан аԥырҩы зызҭам аԥрыгақәа "Орлан-10", акәылӡтәы транспортиорқәа БТР-82А, агранатаршәгақәа РПГ-7В, АГС-17. Аҽазыҟаҵарақәа мчыбжьык иназынаԥшуа имҩаԥыслоит.
Аԥсны аполигонқәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа раан урыстәылатәи арратә база иатәу аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәа рыҟәша БПЛА "Орлан", "Застава", "Гранат" рхархәара иацырҵеит. Азеиԥш хаԥырра 30 нызқь километра инаӡеит. Ииасыз ашықәс иадкыланы уи 12% рыла еиҳауп. Ҳаамҭазтәи аԥрыгатә комплексқәа ашьхараҿи амшын аԥшаҳәаҿи иҵәаху ахықәкқәа рыԥшааразы ирымоуп аинфраҟаԥшьы фото-, видеомодульқәа. Урҭ иалдыршоит ар рҿаԥхьа иқәгылоу аусдҵақәа хра рыманы рынагӡара.
Ԥхынгәы 8 рзы урыстәылатәи арратә база 100-ҩык аснаиперцәа ахысрақәа мҩаԥыргеит авинтовкақәа СВД, СВ-98, ВСС "Винторез" рыла, имҩаԥыргеит сааҭ рацәала аԥшыхәрақәа ҳаамҭазтәи атактикатә хархәагақәа (еиҭарго алазертә ԥшыхәгақәа ЛПР-3) рыцхыраарала аԥшыхәра.
Аицманиоврқәа мҩаԥгахараны иҟоуп Амшын аԥшаҳәаҿы. Арратә мчрақәа еицымҩаԥыргоит ахысрақәа ҳаамҭазтәи абџьар ахархәарала акәылӡтәы техника, аршьаҟауаа, авертолиотқәа реиԥш зеиԥшу 1000 цәҟьара ирықәкны.
Аҽазыҟаҵарахиара аизҳара
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база арҟәшақәа аԥхынтә ҽазыҟаҵара ҳәа ирзазыԥхьагәаҭоуп 100 инареиҳаны атактикатәи, иҷыдоуи, акоманда-штаттәи ҵарақәа, 600 рҟынӡа атактикатә уснагӡатәқәа. Аҽазыҟаҵарақәа реиҳарак мҩаԥысуеит ашьахараҿ, уахынланы. Аҽазыҟаҵара мҩаԥгахоит аполигонқәа фба рҿы, Аԥсни Урыстәылеи (Адыгеиа, Астрахантәи Волгоградтәи аобластқәа рҿы).
Аԥсни Урыстәылеи рыруаа реицхымҩаԥгашьа аҽарҭбаауеит атактикатә елемент ҿыцқәа рыла. Уас, мшаԥымзазы ашьхаратә полигон Ҵабал аҿы амотохысцәа рнапынҵақәа нарыгӡеит агранатаршәгақәа РПГ-7В, "Пламя", акәылӡтәы транспортиорқәа БТР-82АМ, 122-мм иҟоу артиллериатә гаубицақәа Д-30 рыла. Зынӡа рхы иадырхәеит 30 000 џьаԥҳаны. Ахысрақәа мҩаԥысуан уахынла. Артиллеристцәа ацәҟьақәа дырхәашеит аҽыҵәахырҭақәа рҟынтәи. Арадиолокациатә станциа "Соболятник" иалнаршоит "аӷа" ицәҟьара дуқәеи ицәҟьара маҷқәеи рбара жәабала километра ахьыбжьоугьы.
Аԥсны иҟоу арратә база аҽазыҟаҵарақәа раан 100-километрактәи амаршқәа шәкыла арратә техника рылахәуп. Ацәҟьаратә дәқәа рҿы игылоуп 900 иреиҵамкәа цәҟьара. Урҭ ирықәырӡхоит 20 000 рҟынӡа џьаԥҳаны. Ахысрақәа мҩаԥысуеит 5000 метра ныбжьаҵаны.
Амотохысцәа авиациатә дгылара рырҭоит аԥшыхәра-жәыларатә вертолиотқәа Ка-52 "Аллигатор". Аԥшыхәратә ҟәшақәа ашьхараҿы адиверсиаҿагыларатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит. Аҵара-ҽазыҟаҵара аруаа рыпрофессионализм ҳаранакуеит.
Арадиоелектронтә ҿыгалара аҟазауаа аимадареи анавигациеи рсистемақәа ршьаҽуеит, арадиоԥшыхәра шьақәыртәуеит, "аӷа" инахараны иабџьар ҭадырхоит, 200 километра рҟынӡа ашьхараҿы ма ашьаҟьасҭараҿы "аӷа" ицәҟьарақәа ирықәдыршәоит, УАЗ "Патриот" иақәгылоу аимадареиҭакга "Лава" анавигациатә дәы 15 километра рҟынӡа еиҭанакуеит.
Ар ртехнологиатә еиқәыршәара аиӷьтәра ԥхьаҟагьы иацҵахалоит. Уи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчаралшара арӷәӷәоит.