Ареформақәа, аудит, ацқьара: Ахымхәацәа рфонди Аминистрцәа Реилазаареи шеицәажәаз

© Foto / Пресс-служба Кабмина АбхазииАнкваб и Фонд инвалидов
Анкваб и Фонд инвалидов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ахымхәацәа рфонд мызки бжаки ҵуеит архивқәеи адокументқәа ргәаҭара иаҿуижьҭеи. Уи агәаҭара иалагеит аветеранцәа рхаҭақәа Афонд аҟынтәи изакәанымкәа альготақәа зауа рхыԥхьаӡара иацлоит ҳәа агәаанагара ахьрымоу азы иахьашшуаз иахҟьаны.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ахымхәацәа рфонд апроблемақәа ирылацәажәон Аминистрцәа Реилазаараҟны аԥыза-министр Александр Анқәаби Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ахымхәацәа рраионтә ассоциациақәа рхаҭарнакцәеи, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ахымхәацәа рфонд анапхгареи алархәны, абри атәы аанацҳаит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

"Аизара иалахәыз Афонд аусура аиӷьтәра мҩақәас иаиуша иалацәажәеит. Еизаз иазгәарҭеит Афонд аҟны Ахеилак аԥҵара шаҭаху еиуеиԥшым аӡбамҭақәа анрыдыркыло ауаа ирбартә, ицқьаны ирыдыркылартә иҟазҵо, иара убас Афонд аԥарақәа ишақәнагоу реихшара алзыршо", - аҳәоит адырраҭара.

Уи адагьы, аиԥылараҟны ишьҭыхын аибашьра ахымхәацәа реиҭаҭаҩра апроцедура аиҿкаара азҵаара. Аилатәара иалахәыз ажәалагала ҟарҵеит амедицина-санитартә експертиза ареформа иазхәыцырц, акомиссиа аилазаара ҿыц шьақәдырӷәӷәарц, аибашьра иалахәыз ахымхәацәа ҳәа рышьақәыргылара наҟ-наҟ аудит ахыжьра иалагарц.

Встреча Анкваб с ветеранами - Sputnik Аҧсны
Идырым ахаҿқәа: аинвалидцәа рфонд "аревизиа" амҩаԥгара агәҭакуп

Льготала ахәшәқәа рыҭара аҳасабала ахымхәацәа рреабилитациазы ацхыраара аҟаҵара аԥҟарақәа рыԥсахразы ажәалагалақәа аус рыдуланы аилацәажәара алахәылацәа зегьы ирзынашьҭхоит, урҭ аԥҟарақәа аиҭакрақәа анаҩс рылагаразы.

"Ажәалагалақәа зегьы рыхцәажәара ашьҭахь, Аминистрцәа Реилазаара Аппарати ари аӡбара иазҿлымҳау аусбарҭақәеи ишьақәдыргылоит анорматив-зинтә акт, уи анаҩс Аиҳабыра ишьақәнарӷәӷәоит", - ҳәа аарыцҳауеит Аминистрцәа Реилазаара.

Аилатәара иалахәын аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, В совещании также приняли участие первый вице-премьер, министр сельского хозяйства Беслан Джопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакиа, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рзы аминистр Руслан Аџьба, Аминистрцәа Реилазаара Аппарат анапхгаҩы и.н. Давид Сангәлиа. 

Афонда адыррақәа рыла, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахымхәацәа 2900-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 349-ҩык I агәыԥ ахымхәацәа роуп, 2468-ҩык - II агәыԥ, 83-ҩык - III агәыԥ ахымхәацәа. 

I агәыԥ ахымхәацәа есымза ирзыршәоит 20 нызқь мааҭ, II агәыԥ - 7500 мааҭ, 6500 мааҭ - III агәыԥ ахымхәацәа ирзыршәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0