Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Зарандиа аветеранцәа рсиа аиҭахәаԥшразы: ақырҭуа ахараԥшыгала дзымбацгьы қьаадла еибыҭоуп

© Foto / Предоставлено Джоном ЗарандияДжон Зарандия
Джон Зарандия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыпшь араион аинвалидцәа рассоциациа ахантәаҩы Џьон Зарандиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит атәыла аԥыза-министр имҩаԥигаз аиԥылараҿы излацәажәаз, насгьы аветеранцәа рсиа аиҭахәаԥшразы игәаанагара атәы.

Аԥыза аминистр Александ Анқәб дырԥылеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рассоциациакәа рнапхгаҩцәа.

Зарандиа аветеранцәа рсиа аиҭахәаԥшразы: ақырҭуа ахараԥшыга дзымбацгьы қьаадла деибыҭоуп

"Аветеранцәа рҭагылазаашьа иахьа ицәгьоуп. Урҭ ирымоу апроблемақәа ирыцымлозар, ирыгхаӡом, избанзар ҳаинвалидцәа рықәра цацыԥхьаӡа ирымоу ауадаҩрагьы аҽарҭбаауеит, аҽарцәгьоит. Акоронавирус иахҟьаны иаԥҵоу аԥкрақәа рыла дара џьара ицартә-иаартә иҟаӡам, аха аҭыԥан ахәшәқәа рзы апроблемагьы ҳамоуп. Ҩымз ҵуеит ассоциациақәа рҿы аус зуа ауалафахәы рмоуижьҭеи, еиҳарак абри азҵааразоуп атәыла анапхгарахь ҳазнеиз. Ҳажәа ҩбарымтәит, аус ӡбахоит ҳәа ҳарҳәеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Зарандиа.

Гәылрыпшь араион аинвалидцәа рассоциациа ахантәаҩы иара убасгьы Аԥсны аветеранцәа рсиа аиҭахәаԥшразы игәаанагара иҳәеит.

"Аԥсны ирацәахеит аветеран ҳәа кьаадла еибыҭоу, аха аџьабаа збаз, блала ҳаибамбазаргьы, лымҳаҭасла доусы ҳахьыӡқәа еибадыруа ҳаҟоуп. Аибашьраан ақырҭуа ахараԥшыгала дзымбацызгьы иахьа қьаадла деибыҭоуп. Уи ҟазҵаз ҳа дҳаздыруам, ус еиԥш анапынҵагьы ҳамам. Уажәы аиҭахәаԥшрақәа цоит, ҳаргьы афонд аҟынтә излаҳалшоз ала ҳрыцхрааит, аинформациа раҳҭеит. Доусы икомандир дазусҭоу, ҳамҭас имоу, ахәра анбаиоуи, иабаиоуи, иарбан госпитальу дахьышьҭаз уҳәа. Ҳара Гәылрыԥшь араион аус "ԥсыуала" ишьақәыргылан иҳамоуп, изықәнамго арахь дааҳашьҭӡом", - ҳәа еиҭеиҳәеит Зарандиа.

Иаҳа инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0