Аԥыза-министр
Александр Анқәаб
Диит ԥхынҷкәын 26, 1952 шықәсазы Аԥснытәи АССР ақалақь Аҟәа.

1974 шықәсазы далгеит Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет, иара убас 1987 шықәсазы ЦК КПСС иатәу Ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа.

1975-1981 шықәсқәа рзы Аԥснытәи АССР Аиустициа аминистрраҿы аус иуан, Акомсомол Аԥснытәи аобком аҿы, дыҟан Гәдоуҭатәи араионтә комсомол актәи амаӡаныҟәгаҩыс, Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гәдоуҭатәи рраионтә ҟәша аиҳабыс.

1981-1983 шықәсқәа рзы Қарҭ ақалақь аҿы Қырҭтәыла Акомпартиа ЦК аҿы: административтә усбарҭақәа рыҟәша аинструкторс, ақыҭанхамҩа аҟәша аҭҵаарадырреи аекономикатә анализи рсектор аиҳабыс, административтә усбарҭақәа рыҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс.

1983-1990 шықәсқәа рзы Александр Анқәаб напхгара аиҭон Қырҭтәылатәи ССР Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аполитҟәша - Қырҭтәылатәи ССР Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ. 1991 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатс далхын.

1983 шықәсазы «амилициа аполковник» ҳәа ахьӡ ихҵан. 1990 шықәса рзы аԥсуаа рганахьала аҿагыларатә қәгыларақәа ахьырацәахаз азы арапорт ҩны Аԥсныҟа дхынҳәит.

1991 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатс далхын. 1992-1993 шықәсқәа рзы Александр Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәагьы наигӡон.

1994-2000 шықәсқәа рзы Анқәаб дынхон Москва, ауаажәларра-политикатә усура, агәыҳалалра, абизнес инапы рылакын.

2005-2010 шықәса жәабранмзанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министрс дыҟан.

Жәабран 12, 2010 шықәса инаркны лаҵара 29, 2011 шықәса рҟынӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

Нанҳәа 26, 2011 шықәса инаркны рашәара 1, 2014 шықәсанӡа Александр Анқәаб Аԥсны ахадас дыҟан.

2017 шықәса хәажәкырамза инаркны Александр Анқәаб Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатс дыҟан.

Мшаԥымза 24 инаркны иахьа уажәраанӡа Аԥсны аԥыза-министрс дыҟоуп.
Аԥсны Аиҳабыра: аминистррақәа реиҳабцәа
Владимир Делба
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр
Аполитикатә усзуҩ, аекономист.

Диит цәыббра 26, 1974 шықәсазы.

Далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, анаҩсан Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә универститет анализи аудити рыҳасаббара акафедраҿы иҟаз аспирантура дҭалеит.

Жьҭаара 10, 2011 шықәса инаркны мшаԥы 8, 2015 шықәсанӡа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩс, афинансқәа рминистрс дыҟан. Лаҵара 2, 2014 шықәса инаркны цәыббра 29, 2014 шықәсанӡа Аԥсны аԥыза министр инапынҵақәа наигӡон.
Кристина Озган
Беслан Џьапуа
Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр
Беслан Џьапуа диит 1962 шықәсазы. Далгеит Аҟәа иҟаз Асубтропикатә нхамҩа қырҭтәылатәи аинститут (ГИСХ) агрономиа афакультет.

1989 шықәсазы аҿарт ркоммерциатә центр «Амза» еиҿикааит.

1992-1993 шықәсқәа рзы далахәын Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра.

1993 шықәса инаркны аус иуан Очамчыратәи ачаифабрикаҿы нџьныр хадас.

2007 шықәсазы Жәлар Реизара Апарламент адепутатс далырхит.

2011-2014 шықәсқәа рзы Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрс дыҟан.
Диит цәыббра 30, 1973 шықәса рзы. 1996 шықәса рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономика афакультет далгеит "аекономист-аменеџьер" азанааҭа ала, анаҩс акандидаттә диссертациа лыхьчеит Жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи Урыстәылатәи ракадемиаҿы.

2000 - 2002 шш. – Аҟәа ахадара аекономикеи азыԥхьагәаҭареи русбарҭа аҟазауаҩ нагас аус луан.

2002 - 2003 шш. – Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аекономикатә программақәа рыҟәша аиҳабы.

2003 – 2005 шш. – Аминистрцәа реилазаара аекономикатә ҟәша аиҳабы.

2005 шықәса ажьырныҳәамзазы Аԥсны аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩыс, 2005 шықәса жәабранмза инаркны 2011 шықәсанӡа аекономика аминистрс дыҟан.

2011 – 2014 шш. – Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ.

2014 – 2017 шш. – ИАЕ "Апсны-ойл" адиректор хада.

2017 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа ИАЕ "РН-Абхазия" адиректор хада.

Гәдиса Агрба
Акультура аминистр
Гәдиса Едуард-иԥа Агрба диит ԥхынгәы 12, 1984 шықәсазы Аԥснытәи АССР Тҟәарчал ақалақь аҟны.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет «аҭоурыхи азини» азанааҭ ала даушьҭымҭоуп.

2007-2008 шш. рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр агеополитика аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩс дыҟан.

2007-2011 Аҟәа Ақалақьтә еизара адепутатс дыҟан, абаҩрҵәыреи, аспорти, аҿари рызҵаарақәа рзы акомиссиа ахантәаҩыс дыҟан.

2011-2012 шықәсқәа рзы Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы аррамаҵура дахысуан. 2012-2014 шықәсқәа рзы Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
2020 шықәса ԥхынгәымзазы атәыла ахада иусԥҟала Аԥсны акультура министрс дҟаҵоуп.
Дмитри Дбар
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр
Диит рашәарамза 5, 1984 шықәсазы Кескемеҭ ақалақь, Венгриа.

Занааҭла декономиступ. 2005 шықәса инаркны 2009 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчаратә маҵзураҟны амаҵура дахысуан.

2009-2014 шықәсқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзураҟны аус иуан.

2014 шықәса инаркны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны аус иуан.

2017 шықәсарзы далхын Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс.

2019 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭкарра ахада иалхрақәа раан атәыла ахада ихаҭыԥуаҩс икандидатура ықәгылан.
Владимир Ануа
Атәылахьчара аминистр
Ар реинрал, Аԥсны Афырхаҵа, диит 1957 шықәса рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан.

1976 шықәсазы Ануа далгеит Аҽгәаратәи совхоз-техникум, анаҩс Асовет ар аҟны аррамаҵура дахысуан.

1981 шықәсазы дҭалеит Аҟәатәи Асубтропикатә нхамҩа аинститут латәарадатәи аҟәша, убри аамҭазы Тамшьтәи асовхоз-зауад аҟны аусуреи аҵареи еилеигӡон.

1987 - 1992 шш. рзы Тамшь ақыҭа аиҳабыс дыҟан.

1992 – 1993 шш. рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын (Мрагыларатәи афронт аштаб аиҳабы, 1-тәи архәҭа адҵаҟаҵаҩ).

1993 шықәса раахыс Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩси Мрагыларатәи ар рыдҵаҟаҵаҩыси дыҟан.
Руслан Аџьба
Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр
Диит 1975 шықәсазы Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан. Аԥснытәи аҳәынҭкарратә университет аекономика афакультет доушьҭымҭоуп, "афинансқәеи, акредити, аԥаратә еиқәыршареи" азанааҭ иманы.

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Руслан Аџьба Аԥсны Афинансқәа рминистрра Ахылаԥшра-ревизиатә усбарҭаҿы азанаҭуаҩ хадас дыҟан, Аԥсны ахада Иусбарҭа Агәаҭаратә усбарҭа хада аҟазауаҩ хадас дыҟан, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа НИИЕПиТ аекономистс аус иуан. 2011-2016 шш. рзы аус иуан Аԥсны Атәанчахәытә фонд ахантәаҩыс.

2016-2020 шш. рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аџьеи, аусурамазаареи, асоциалтә еиқәыршәареи рминистрс дыҟан.
Даур Кәырмазиа
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр
Диит нанҳәа 28, 1974 шықәса рзы Гәдоуҭа.

1997 шықәса рзы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет далгеит.

2005 шықәса рзы ААУ азиндырратә факультет далгеит.

1997 – 2003 шш. рзы аус иуан Афинансқәа рминистрраҿы, Ахылаԥшра-ревизиатә усбарҭаҿы ҟазауаҩ хадаси ҟазауаҩ нагаси.

2003 – хәажәкырамза 2004 шш. рзы аус иуан Гәдоуҭа араион ашәахтәқәеи аизгақәеи русбарҭа аиурист хаҿқәа ашәахтә рықәҵара аҟәшаҿы.

2004 шықәса хәажәкырамзазы диаган Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат хада аиурист хаҿқәа ашәахтә рықәҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс.

2005 ш. – Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат хада аиурист хаҿқәа ашәахтә рықәҵара аҟәша аиҳабы.

2011 – 2015 шш. – Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат хада аиурист хаҿқәа ашәахтә рықәҵара аусбарҭа аиҳабы.

Имоуп акласстә чын "ашәахтә маҵзура I аҩаӡара змоу абжьгаҩ".

2016 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа – Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы рминистр.
Ҭамаз Ҵахнакьиа
Агәабзиарахьчара аминистр
Диит ажьырныҳәа 27, 1973 шықәсазы Тҟәарчал ақалақь аҟны. Далгеит Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет амедицинатә факультет. 1997-2004 шш. рзы Аԥсны Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы аҳақьым-ԥҟаҩыс, адкыларатә ҟәша аиҳабыс аус иуан.

2000 - 2004 шш. – Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы ашьеилаҭәара аҟәша аиҳабыс, СПИД апрофилактикеи аҿагылареи р-Республикатә центр аиҳабыс дыҟан.

2012 шықәсазы Аԥсны раԥхьаӡа акәны Ареспубликатә хәышәтәырҭа адаҭҵаареи ашьадаԥҟареи рыҟәша еиҿкааны иааиртит, напхгаҩысгьы дахагылеит.

2011 – 2017 шш. рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ. 2017 шықәсазы - Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада. 2017 шықәса рашәарамза инаркны - Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр.
Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан аус иуан Аԥсны Арбџьармчқәа иртәыз Гәдоуҭатәи арратә госпиталь аҟны.
Лев Кәыҵниа
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр
Лев Кәыҵниа диит абҵара 10, 1960 шықәсазы Очамчыра араион Аҭара ақыҭан. 1978 шықәсазы далгеит Аҟәатәи аҳасабеиларгаратә школ. Аҟәа иҟаз Асубтропикатә нхамҩа қырҭтәылатәи аинститут (ГИСХ) «ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа ртехнологиа» азанааҭ ала доушьҭымҭоуп. 2009 шықәсазы далгеит Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу Аҳәынҭқарратә абылраҽацәыхьчаратә маҵзура Академиа "аҳәынҭқарратә мунициапалтә напхгараҭара" азанааҭ ала.

1989 шықәса инаркны Аҭара ақыҭа ахадараҿ ҳасабеиларгаҩыс аус иуан, убри ашықәсан Аԥснытәи АССР Кындыӷтәи аброилертә ԥсаатәааӡарҭатә фабрика аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 1993-1995 шш. рзы Аԥсуа-абаза жәлар Жәларбжьаратәи рассоциациа анагӡком акоммерциатә директорс дыҟан.

2006 шықәсазы далгеит Адыгеиатәи аҳәынҭқарратә университет «азиндырра» азанааҭ ала.

2006-2009 шықәсқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 2009 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аусбарҭа аиҳабыс дҟалеит.

2015 шықәса мшаԥымза инаркны иахьа уажәраанӡа Аԥсны АҶА аминистрс дыҟоуп.
Инал Габлиа
Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр
Инал Габлиа диит ԥхынгәы 7, 1991 шықәса рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан.

2008 шықәса рзы Москватәи абжьаратә школ № 1259 далгоит.

2008 - 2013 шықәсқәа рзы Амилаҭтә ҭҵааратә университет "Аекономика Иреиҳаӡоу ашкол" дҭан.

2012 - 2014 шықәсқәа рзы Аҵаратә центрқәа "Юниум" Рфедералтә ҳа аҟны акурс "Технологии лидерства" азыҟаҵаҩыс дыҟан.

2016 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа ИАЕ "Строительная Компания Мегаполис" (Москва) анџьныр-економистс дыҟоуп.

2018 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа аԥсуа бызшәа аҵаразы онлаин-школа "Алашарбага" адиректорс дыҟоуп.
Ҭеимураз Хышба
Атуризм азы аминистр
Диит хәажәкыра 10, 1986 шықәса рзы Қарҭ, Қырҭтәылатәи ССР. 2001 шықәса рзы Гагратәи абжьаратә школ №2 далгеит, 2007 шықәса рзы – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абаҩрҵәыреи аспорти рфакультет латәарадатәи аҟәшеи Урыстәылатәи ахәаахәҭра-економикатә университет аменеџьмент афакультети.

2002 - 2004 шш. – Москватәи амедицинатә еилахәыра "Эстетика" аменеџьерс, адиректор ихаҭыԥуаҩс.

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Москватәи «ТК Мистраль» аменеџьерс, Гагра араион ахадара аунитартә наплакы "Районный центр рекламы" аҟазауаҩс, москватәи анаплакы ИАЕ "Николя Тибо" аменеџьерс, ООО "Гагра-777" аекономистс дыҟан, анаплакратә усура даҿын.

2010 – 2011 шш. – Гагра араион ахадара аҿари аспорти рзы Аилак аинструктор.

2011 – 2012 шш. – Гагра араион ахадара аунитартә наплакы "Гагра-Свет" адиректор.

2012 – 2014 шш. – Гагра араион ахадара акурортқәеи атуризми рзы аҟәша аиҳабы, акурортқәеи атуризми рзы аусбарҭа аиҳабы.

Анаҩс ҩышықәса ирҭагӡаны Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

2017 – 2019 шықәсазы – Москватәи адукатцәа рколлегиа "Единство-С" ахантәаҩы иабжьгаҩ.
Даур Ақаҩба
Адәныҟатәи аусқәа рминистр
Анри Барцыц
Aиустициа аминистр
Анри Барцыц диит абҵара 6, 1990 шықәса рзы Аԥснытәи АССР Гәдоуҭа ақалақь аҿы.

2012 шықәсазы далгеит О.Е. Кутафин ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә зиндырратә университет «азиндырра» азанааҭ ала.

2012 – 2015 шш. – О.Е. Кутафин ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә иуристтә университет аконституциатәи амуниципалтәи зин акафеда аспирантураҿ аҵара иҵон.

Рашәара 28, 2017 шықәса рзы – аиуристтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҭҵаарадырратә ҩаӡара иоуит.

2018 шықәса раахыс аҭҵаарадырратә гранттә проектқәа рлахәыла.

Авторс дрымоуп 20 инарзынаԥшуа аҭҵаарадырратә статиақәа. Абакалаврцәеи амагистрцәеи рзы арҵагақәа рыцавтор.

2013 – 2014 шш. – Урыстәыла аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра аҵарауааи аҭҵаарадырра-педагогикатә усзуҩцәеи аттестациа рзуразы Адепартамент азинтә ҟәша аиуристконсультант.

2014 шықәса инаркны иахьанӡа – Москватәи аҳәынҭқарратә иуристтә университет аконституциатәи амуниципалтәи зин акафедра арҵаҩы, арҵаҩы еиҳабы.

2017 – 2019 шш. – Иреиҳаӡоу аҵара Афедералтә ҳәынҭқарратә биуџьеттә ҵаратә усбарҭа Москватәи аҳәынҭқарратә иуристтә университет аконституциатәи амуниципалтәи зини ркафедра аиҳабы ихаҭыԥуаҩ.
Диит хәажәкыра 15, 1979 шықәса рзы Аԥснытәи АССР Аҟәа ақалақь аҿы.

2000 шықәса рзы Башкиртәи аҳәынҭқарратә университет, "азиндырра" афакультет азанааҭ "адәныҟатәи економикатә усура азинтә еиқәыршәара" ала далгеит.

1995-2000 шш. – ареферент, Ареспублика Башкортостан аҿы Аԥсны Ахаҭарнакраҿы абжьгаҩ.

2000-2009 шш. – Ареспублика Башкортостан аҿы Аԥсны Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ахаҭарнак.

2005-2006 шш. – Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы жәларбжьаратәи аҟәша аиҳабы.

2006-2010 шш. – Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ.

2010-2011 шш. – Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Аппарат аиҳабы.

2012 шықәса рашәарамза инаркны абҵарамзанӡа – Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аусбарҭа азинтә ҟәша аиҳабы.

2012-2014 шш. – Урыстәылатәи Икоммерциатәым Афонд "Институт Евразийских исследований" анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ.

2014 шықәса – Аԥсны Ахада ипротокол Аусбарҭа аиҳабы.

2016 шықәса жьҭаарамза инаркны – Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа Реилазаара аструктура ҿыц шьақәирӷәӷәеит 2020 шықәса мшаԥымзазы. 14 министрра ҟалеит 12 рҭыԥан. Мшаԥы 24 рзы уаанӡатәи Аԥсны Аиҳабыра ԥхьатәара ицеит. Аԥсны азакәан инақәыршәаны хымз рыҩнуҵҟа еиҿкаахароуп Аминистрцәа Реилазаара ҿыц.
Ажәабжьқәа зегьы
0