Диит ԥхынҷкәын 26, 1952 шықәсазы Аԥснытәи АССР ақалақь Аҟәа.
1974 шықәсазы далгеит Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет, иара убас 1987 шықәсазы ЦК КПСС иатәу Ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа.
1975-1981 шықәсқәа рзы Аԥснытәи АССР Аиустициа аминистрраҿы аус иуан, Акомсомол Аԥснытәи аобком аҿы, дыҟан Гәдоуҭатәи араионтә комсомол актәи амаӡаныҟәгаҩыс, Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гәдоуҭатәи рраионтә ҟәша аиҳабыс.
1981-1983 шықәсқәа рзы Қарҭ ақалақь аҿы Қырҭтәыла Акомпартиа ЦК аҿы: административтә усбарҭақәа рыҟәша аинструкторс, ақыҭанхамҩа аҟәша аҭҵаарадырреи аекономикатә анализи рсектор аиҳабыс, административтә усбарҭақәа рыҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс.
1983-1990 шықәсқәа рзы Александр Анқәаб напхгара аиҭон Қырҭтәылатәи ССР Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аполитҟәша - Қырҭтәылатәи ССР Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ. 1991 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатс далхын.
1983 шықәсазы «амилициа аполковник» ҳәа ахьӡ ихҵан. 1990 шықәса рзы аԥсуаа рганахьала аҿагыларатә қәгыларақәа ахьырацәахаз азы арапорт ҩны Аԥсныҟа дхынҳәит.
1991 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатс далхын. 1992-1993 шықәсқәа рзы Александр Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәагьы наигӡон.
1994-2000 шықәсқәа рзы Анқәаб дынхон Москва, ауаажәларра-политикатә усура, агәыҳалалра, абизнес инапы рылакын.
2005-2010 шықәса жәабранмзанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министрс дыҟан.
Жәабран 12, 2010 шықәса инаркны лаҵара 29, 2011 шықәса рҟынӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
Нанҳәа 26, 2011 шықәса инаркны рашәара 1, 2014 шықәсанӡа Александр Анқәаб Аԥсны ахадас дыҟан.
2017 шықәса хәажәкырамза инаркны Александр Анқәаб Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатс дыҟан.
Мшаԥымза 24 инаркны иахьа уажәраанӡа Аԥсны аԥыза-министрс дыҟоуп.