АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Абанктә хсаалагақәа змоу 2020 шықәса аԥхьатәи азбжазы 7,132 миллиард мааҭ рыхә аоперациақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Амилаҭтә банк асаит.
Амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" аинфраструктурала имҩаԥган 13,7%, ма 861 миллион мааҭ рыла ҵыԥх аасҭа еиҳаны операциа:
- АԤРА асистемала - 63,3%
- Жәларбжьаратәи аԥарашәаратә системала – 31,4 %,
- Аԥарашәаратә система "Мир" ала – 5,3%.
2020 шықәса аԥхьатәи азбжазы урыстәылатәи абанктә хсаалагақәа рыла имҩаԥган 2,616 миллиард мааҭ рыхә операциа, аԥарахсаалагақәа "Миргьы" абрахь иналаҵаны (377 миллион).
Атауарқәа рыхәшәаразы анапынҵадатә операциақәа ишьақәдыргылеит 943 миллион мааҭ:
- МПС ахсаалагақәа рыла 737 миллион мааҭ
- ахсаалагақәа "Мир" рыла - на 102 миллион мааҭ
- ахсаалагақәа АԤРА рыла - 104 миллион мааҭ.
Бжьаратәла АԤРА ала аахәарақәа мҩаԥган 568 000 мааҭ рыхә. 2020 шықәса рзы НПС АПРА аинфраструктура 161 POS-терминал рыла еизырҳан. Зынӡа Аԥсны иахьаҵанакуа 2090 терминал ыҟоуп. АԤРА ала 2020 шықәсазы 6,189 миллиард мааҭ роперациа ҟаҵан.
2019 шықәса рзы аԥарашәаратә система "АԤРА" змоу урыстәылатәи аԥарашәаратә система "Мир" абанктә хсаалагақәа рхы иадырхәо иалагеит. Жьҭаарамза инаркны "АԤРА" ала Урыстәылеиԥш ахсаалага "Мир" ахархәара ахьамоу атәылақәа рҿы аԥарашәара рылшо иҟалеит.
2020 шықәса актәи азыбжала АԤРА "World" змоу аҳәаанырцә 21,03 миллион мааҭ рыхә аоперациақәа мҩаԥыргеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Анапынҵа ԥарақәа азхом: Аҵәахбанк акредитқәа рыҭара макьана иалагом
-
Миллиардк инеиҳаны аԥара ҭыгоуп: Бараҭелиа абанктә усхк далацәажәеит