Аԥсны аҵыхәтәантәи уахы-ҽнаки рыла акоронавирус азы агәаҭара иахысит 133-ҩык

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦентр тестирования на коронавирус в Санкт-Петербурге
Центр тестирования на коронавирус в Санкт-Петербурге - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи хәымчыбжь раахыс Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ахҭыс ҿыцқәа аарԥшым.

АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Адиагноз акоронавирус изықәыргылам агәаҭара иахысыз 133-ҩык ауааԥсыра рахьтә аӡәгьы ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аԥсны шаркыц иаркуп: ԥшьымз раахыс аҳәаа ахысра ԥкуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны шаркыц иаркуп: ԥшьымз раахыс аҳәаа ахысра ԥкуп

Аҩашаҽны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысра аԥкырақәа шамоу иаанижьит амза 28-нӡа.

Акоординациатә штабгьы нас аацҳамҭа ҟанаҵеит атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа маншәалоуп ҳәа. Иазгәаҭоуп убасгьы аԥсуа ган аҳәаа аартра иахьагьы иазыхиоуп ҳәа, аха азҵаара аӡбаразы аҩ-ганкгьы еиқәшаҳаҭрала ари аус иазааироуп.

"Абри аамҭазы Москва имҩаԥысуеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәылатәи аусбарҭақәа рхадацәеи реилацәажәарақәа, урҭ ирылҵшәаны ҳазыԥшуп хара имгакәа Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори рхаҭарнакцәа арахь раара, акоронавирустә ҿкы аламырҵәаразы аҩ-ганк еицымҩаԥыргараны иҟоу аусхкқәа рзы амеханизмқәа рышьақәыргыларазы", - ҳәа аҳәоит аштаб адырраҭараҿы.

Апандемиа ҟалеижьҭеи иахьатәи аамҭазынӡа Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара рыхьхьеит 38-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, пациентк лыԥсҭазаара далҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0