Афинансқәа рминистрра аҭыԥантәи абиуџьетқәа рахь аԥаразшәарацҵа азыԥхьагәанаҭоит

CC0 / / Деньги
Деньги - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса рзы араионқәа рбиуџьетқәа рзеиԥш ԥарашәарацҵа азыԥхьагәаҭан 749 миллиони 937 нызқьи мааҭ ирҭагӡаны. Аиҭакрақәа инарымаданы уи ԥсаххеит 961 миллиони 937 нызқьи мааҭ ҳәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Афинансқәа рминистрра иазыԥхьагәанаҭоит аҭыԥантәи абиуџьетқәа рахь 212 миллион мааҭ аԥаразшәарацҵа аҟаҵара ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Саид Гәбаз.

Деньги в кошельке - Sputnik Аҧсны
Афинансқәа рминистрра: 189 миллион мааҭ асоциалтә усхк иазырхахоит

Аԥаразшәарацҵа мҩаԥгатәуп аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәа ркатегориақәак рулафахәы иахьацҵоу азы.

"Иуадаҩу афинанс-економикатә ҭагылазаашьа шыҟоугьы уаанӡатәи Урыстәылеи Аԥсни реиқәшаҳаҭра анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аминистрцәа реилазаара иаднакылеит аӡбра агәабзиарахьчара, аҵарадырра, акультура, аҭҵаарадырра, асоциалтә маҵзура русхкқәа рҟны аулафахәы шьҭыхзарц. Ақәҵара инақәыршәаны, имҩаԥгахоит 2020 шықәса ажьырныҳәа нахыстәи аиндексациа", - иҳәоит Гәбаз.

2020 шықәса рзы араионқәа рбиуџьетқәа рзеиԥш ԥарашәарацҵа азыԥхьагәаҭан 749 миллиони 937 нызқьи мааҭ. Аиҭакрақәа инарымаданы уи ԥсаххеит 961 миллиони 937 нызқьи мааҭ ҳәа.

Саид Гәбаз ишиҳәаз ала:

  • Гагра араион абиуџьет ахь инашьҭхоит 35,5 миллион мааҭ рцынхәрас 79,5 миллион;
  • Гәдоуҭа араион абиуџьет ахь инашьҭхоит 135,5 миллион мааҭ рцынхәрас 181,5 миллион;
  • Аҟәа араион абиуџьет ахь инашьҭхоит 22 миллион мааҭ рцынхәрас 29 миллион;
  • Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахь инашьҭхоит 97 миллион 937 нызқь мааҭ рцынхәрас 120 миллиони 937 нызқьи мааҭ;
  • Очамчыра араион абиуџьет ахь инашьҭхоит 133 миллион мааҭ рцынхәрас 150 миллион;
  • Тҟәарчал араион абиуџьет ахь инашьҭхоит 149 миллион мааҭ рцынхәрас 168 миллион;
  • Гал араион абиуџьет ахь инашьҭхоит 145 миллион мааҭ рцынхәрас 172 миллион;
  • Аҟәа ақалақь абиуџьет ахь инашьҭхоит 32 миллион мааҭ рцынхәрас 61 миллион.
Ажәабжьқәа зегьы
0