Аԥсны Апарламент адепутатцәа руаӡәк COVID-19 идырбалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент Абхазии
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа зегьы акоронавирустә инфекциа амазааразы атестқәа ирхыжьхоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 29 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Апарламент адепутатцәа руаӡәк COVID-19 идырбалеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа.

"Аҟазауаа рҟынтәи абри аиԥш аинформациа ҳамоуп. Адиагноз шьақәырӷәӷәоуп. Убри инамаданы ҳапланқәа рҽырԥсахит", - иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит рколлега ачымазара аниднагалаз атәы шеилкаам.

Адепутат ихьӡ Апарламент аҿы ирымҳәеит, уи ачымазара змоу дақәшаҳаҭымкәа аларҵәара иашам ҳәа иԥхьаӡаны.

Аԥсны аоперштаб адыррақәа рыла ԥхынгәы 28 рзы акоронавирус зыхьхьоу рхыԥхьаӡара 63-ҩык ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәы бзиахахьеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0