Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Башар Асад агәраргагатә шәҟәқәа ииркит

© Foto / МИД РАБашар аль-Асад принял Чрезвычайного и Полномочного Посла Республики Абхазия в Сирийской Арабской Республике Баграта Хутаба
Башар аль-Асад принял Чрезвычайного и Полномочного Посла Республики Абхазия в Сирийской Арабской Республике Баграта Хутаба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылатәи Арабтә Республика ахада Башар аль-Асад аҳәынҭқар ихан аҿы дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчра нагӡа змоу аҷыдалкаатәи Ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Агәраргагатә шәҟәқәа рыҭара ацеремониа мҩаԥысуан аныҳәатә ҟазшьа аҭаны ҳәа аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

Аиԥылараҟны ирылацәажәан Аԥсни Шьамтәылеи ҩ-ганктәи русеицура, аекономика, акультура, атуризм, аспорт.

Шьамтәыла ахада аԥсуа жәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, ашәҭыкакаҷра, иара убасгьы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иахь аҳаҭырқәҵара ду шааирԥшуа азгәеиҭеит.

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа ШьАР аҟны ашьаҭаркра ҭоурыхтә хҭысуп, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьа аҿиаразы аҵак ду змоу шьаҿоуп ҳәа ахиҳәааит.

Лаҵара 29, 2018 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи алаҳәара ҟарҵеит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шрыбжьарҵаз азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0