Асанепидемстанциа аиҳабы Аԥсны акоронавирус алаҵәара иахьалагаз дахцәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВрач
Врач  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 22 раахыс Аԥсны коронавирус хҭысқәа рыҽдырҭбаауа иалагеит. Ԥхынгәы 30 азтәи адыррақәа рыла Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп 14-ҩык апациентцәа, 30-ҩык ахыԥхьакратә режим иақәныҟәоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik. Аԥсны акоронавирустә инфекциа ахылаԥшра ауҭартә иҟоуп ҳәа лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз ареспублика асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

Лара лажәақәа рыла алаборанттә бригадақәеи ашьагарҭақәеи планла аус руеит. Скорик илҳәеит акоронавирус азы анализ агара аҳақьым ианазиԥхьаӡо шакәу ианалшо.

Гемотест начинает делать анализы на коронавирусную инфекцию - Sputnik Аҧсны
Даҽа жәаҩык: Аԥсны акоронавирус ахҭыс ҿыцқәа аадырԥшит

Аҟәа ақалақь аҳақьым хада Алла Белиаева лажәақәа рыла COVID-19 адиагноз шьақәырӷәӷәахар ауаҩԥсы изы адыррақәа зегьы иара дахьынхо ақалақь ма араион асанитартә ҳақьымцәа ирзынашьҭхоит, анализ агараан хымԥада иҭел ҭарыҩуеит.

Белиаева иазгәалҭеит аҿкы змоу зегьы аамҭа мгакәа рҽышрымардаз, ҩынтә заҵәык рыда.

"Ачымазаҩ дзыҿцаауазгьы анализ анырзыҟаҵатәу ыҟоуп. Аҭаацәара зегь ҳәарада ранализ аагоит", - ҳәа лҳәеит лара.

Белиаева лажәақәа рыла Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь инарго зчымазаратә ҭагылазаашьа хьанҭоу роуп, иара убасгьы ахалаҽыхьчара ззалмыршо роуп.

Асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик иазгәалҭеит аҳәаа знык ахысразы азин ала аҳәаа иахысыз ҩымчыбжьтәи акарантин рхыргом.

"Рашәарамза инаркны ҳара аҿкыра ҟалом ҳәа иаҳшьо ҳалагеит. Ахәышәтәырҭақәа рахь инарго иалагеит урыстәылантәи иаақәаз. Урҭ уа ишыҟаз рҳәомызт. Уажәы ҳара авирус мҽхакыҭбаала аҭыԥ ахьамоу атәылаҟынтә иаақәаз зныруаз ахаҿқәа рышьақәыргылара ҳаҿуп", - ҳәа лҳәеит лара.

Аԥсны апандемиа иаалагазар 81-ҩык аҿкра рыхьхьеит. Урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәы зиахеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит. Иахьазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп 14-ҩык апациентцәа, акоронавирус рымоуп ҳәа шьақәырӷәӷәаны, 30-ҩык аҩны иҟоуп.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0