Аладатәи арратә округ аҿыцнаԥхьаҩцәа 50-ҩык Аԥсны рҭоуба шьҭарҵеит

© Foto / Пресс-служба Южного военного округаТоржественное приведение к Военной присяге 50 новобранцев российской военной базы ЮВО в Абхазии
Торжественное приведение к Военной присяге 50 новобранцев российской военной базы ЮВО в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа зегьы акарантинтә ԥҟарақәа рықәныҟәарала имҩаԥысуеит. Алахәцәа зегьы амедицинатә сабрадақәа рзыршоит, ахыбрақәеи аҵакырақәеи арзҩыдаратә маҭәашьарқәа рыла ирыӡәӡәоит.

АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ иатәу урыстәылатәи арратә база аҿыцнаԥхьаҩцәа ргәырӷьаратә ҭоубашьҭаҵара мҩаԥысуеит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.

"Арҭ аԥсшьарамшқәа рзы Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ иатәу урыстәылатәи арратә база аҟәшақәа рҟны имҩаԥысуеит аҿыцнаԥхьаҩцәа рҭоубашьҭаҵара ", - ҳәа аҳәоит аацҳамҭа атекст.

Ааԥынразы аррамаҵура иаднакылаз аҿыцнаԥхьаҩцәа 50-ҩык инареиҳаны гәырӷьарала рыԥсадгьыл амаҵ шыруа ҳәа ҭоуба шьҭарҵоит.

Дара зегьы амедицинатә гәаҭарақәа ирхысхьеит, аррамаҵура аныҟәгара шрылшо шьақәырӷәӷәоуп, азеиԥш арратә ԥҟарақәа дырдыруп, агылашьа дырҵоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0