Урыстәыла аԥыза-министр Мишустин аурыс-аԥсуа ҳәаа аартразы адҵа инапы аҵаиҩит

© SputnikГраница на реке Псоу
Граница на реке Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа аартразы аӡбамҭа аднакылеит Урыстәыла акоронавирус аҽацәыхьчаразы аоперативтә штаб ԥхынгәы 31 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин инапы аҵаиҩит Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа аартразы адҵа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

"Урыстәыла иаԥнахуеит акоронавирус иахҟьаны Аԥсни иареи рҳәаа ахысра иақәыз аԥкырақәа. Абри азы адҵа инапы аҵаиҩит аԥыза-министр Михаил Мишустин", - ҳәа аҳәоит ашәҟәы атекст.

Адҵа амчра аиуеит нанҳәа 1 инарнкы.

Администрация президента  - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа ипресс-маҵзура: аҳәаа шаартхо ӡбоуп, акәамаҵамақәа хазы ирзааҭгылоит

"Иахьа инаркны урыстәылауаа ԥықәсыларада Аԥсны иҭалар ауеит, Аԥсны атәылауаа ракәзаргьы, убасҵәҟьа Урыстәылаҟа ааира рылшоит", - ҳәа азгәаҭоуп адҵаҿы.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа аартразы аӡбамҭа рыдыркылеит ԥхынгәы 31 рзы, Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова напхгара зылҭоз Акоронавирус аҽацәыхьчаразы аоперативтә штаб аилатәараҿы. Ари аҩыза аӡбамҭа адкылара шьаҭас иамоуп Роспотребнадзори Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Аԥсны иҟоу асанитартә-епидемиологиатә ҭагылазаашьа иарҭаз ахәшьара бзиеи, Аԥснытәи аинфраструктурақәа аԥсшьаҩцәа рыдкылара ишазыхиоу азы агәаанагареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0