Аибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа ргәаладыршәеит Гагра

© Foto / Саида Жиба Гагра ақалақь, Ахьӡ-аԥша абаҟа амҵан имҩаԥысит ашәҭ шьҭаҵара ацеремониа
Гагра ақалақь, Ахьӡ-аԥша абаҟа амҵан имҩаԥысит ашәҭ шьҭаҵара ацеремониа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 14 рзы, Гагра ақалақь, Ахьӡ-аԥша абаҟа амҵан имҩаԥысит ашәҭ шьҭаҵара ацеремониа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәеи, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада, ар рԥыза Владислав Арӡынбеи рбаҟақәа рымҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, Гагра араион анапхгара, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи, аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи.

209-ҩык Гагра араион иалҵыз аибашьцәа Аԥсны ахақәиҭтәразы имҩаԥысуаз ажәыларатә аоперациақәа рҿы иҭахеит.

Ари алахьеиқәҵаратә мшы есышықәса ицәырнагоит ауаа ргәаҵа иҭаҵәаху ацәаныррақәа.

Возложение цветов в Парке Славы - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иазгәарҭоит Аџьынџьтәылатә еибашьра алагеижьҭеи 28 шықәса аҵра

"Аԥсны зхы ақәызҵаз аҵеицәа наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит. Дара реибашьратә мҩа еиҭа анысра анцәа лахьынҵас иҳаимҭааит. Иҳамоу атәыла ԥшӡа ԥхьаҟа еихаҳауа, ҳаҭыр еиқәҵауа, аӡәи-аӡәи ҳаихӡыӡаауа ҳҟаларатәы анцәа ахдырреи, адунеихәаԥшышьа ҭбааи ҳаҭәеишьааит. Сара аибашьра аналагоз бжьышықәса схыҵуан, аха уи иацыз ашәара сгәаҵа иҭымҵит, есышықәса абри арыцхә ааигәахацыԥхьаӡа схәыҷратә цәаныррақәа срымҽхаркуеит", - игәалашәарақәа дырзааҭгылеит Гагра араион Ахадара аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь.

Аветеранцәа реибашьратә нысымҩа алацәажәра рцәыуадаҩуп. Дара ирхыргаз аасҭагьы ирывыршьааз рашьцәеи, рҩызцәеи гәныргоит.

"Нанҳәа 14, 1992 шықәсазы, ашьыжь ари ажәабжь хлымӡаах анҳалаҩҩы, аԥсуа школ аҿы ҳаизеит. Усгьы бџьарла ҳаиқәшәамызт, аха доусы имаз, измамзгьы напҭацәыла ҳаршьуазаргьы ҳаршьааит ҳәа аҿагылара арыҭаразы ҳаҽҳархиеит. Адырҩаҽны, Цандрыԥшь ақырҭуа десант анӡхыҵ раԥхьаӡакәны аибашьра алакҭа ҳҭаԥшит. Убраҟа дҭахоит сашьа гәакьа Иури. Ажәакала, зныҭрыс ҳариааиртә изыҟамлеит азы, Гагра ҳалҵыр акәхеит. Анаҩс ҳкомандаҟаҵаҩцәа ҳҿаԥхьа иқәдыргылаз ажәыларатә план инақыршәаны, ҳаибашьратә ԥышәа хәыҷ ҳацырхрааны Гагра ҭаҳарцәуеит", - игәалашәоит аибашьра аветеран Александр Қаԥшь.

Убас аибашьҩы игәынамӡара атәы ҳәо иазгәеиҭеит, есышықәса ашәҭ шьҭаҵара иалахәхо рхыԥхьаӡара шмаҷхо. Асовет еидгыла аамҭақәа раан, ажәлар рыҩнуҵҟа аидеологиа ӷәӷәаан, иахьа уи ԥсыҽхеит. Еиҵагыло абиԥара рабдуцәеи, рабацәеи знысыз аҭоурыхтә мҩа аӡбахә раҳамҳәар, ҳаԥхьаҟа иакәым аҿы ҳкылнагар ауеит. Убри азы, аҿар рыбжьара апропаганда ӷәӷәа мҩаԥгатәуп.

Ашәҭ шьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Бзыԥҭеи, Цандрыԥшьи аҳаблақәа рҿы, убас Пицунда ақалақь.

© Foto / Саида ЖибаГагра ақалақь, Ахьӡ-аԥша абаҟа амҵан имҩаԥысит ашәҭ шьҭаҵара ацеремониа
Аибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа ргәаладыршәеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Гагра ақалақь, Ахьӡ-аԥша абаҟа амҵан имҩаԥысит ашәҭ шьҭаҵара ацеремониа

Аибашьра аҩбатәи амш аҽны, нанҳәа 15 рзы, Ԥоҭынтә Гаграҟа идәықәҵан ҩ-десанттә ӷбақәеи, ҩ-кометаки, акәылӡтәы техникақәа ԥшьбеи аршьаҟауааи злаз ампыҵахалаҩ имшынтә десант.

Ашьыбжьон, асааҭ аказы, адесант ӡхыҵит Цандрыԥшь аҳаблан. Араҟа, аӷа аҿагылара ирҭеит аԥсуа еибашьцәа ргәыԥқәа. Аха амчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҳарԥарцәа хьаҵыр акәхеит асасааирҭа "Украина" аҵакырахь.

Анаҩс ақырҭуа мпыҵахалаҩ инапахьы иааигеит Гагра араион абжеиҳан. Ус, мраҭашәаратәи афронт ацәаҳәа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан. Мызки бжаки рашьҭахь, аԥсуа еибашьцәа ахатәгәаԥхаҩцәа рыцхыраарала Гагра араион аҟны ашьаҭа адыркоит раԥхьатәи Аиааира.

Ажәабжьқәа зегьы
0