Аӡәы шәҩык данраҩсуа: хатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәаладыршәеит Гагра

© Foto / Дариа АрхиповаГаграа иргәаладыршәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рахьтә иҭахаз аҵеицәа
Гаграа иргәаладыршәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рахьтә иҭахаз аҵеицәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 15 рзы, Гаграа иргәаладыршәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рахьтә иҭахаз аҵеицәа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аибашьра аветеранцәеи, Гагра араион Ахадареи, анаплакқәеи, аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәеи, Нхыҵ-Кавказынтәи арҭ амшқәа рзы ҳтәыла иаҭааны иҟоу ҳашьцәа-ахатәгәаԥхаҩцәеи гәыԥҩык ашьыжь ашәҭқәа шьҭарҵеит Ԥсахара ақыҭан ишьақәыргылоу, Аахыҵ-Уаԥстәылантәи иааны еибашьуаз, Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз Џьамал Сиукаеви, Роберт Петров-Кокоеви, Ацамаз Маргиеви рбаҟа амҵан.

© Foto / Дариа АрхиповаХатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәаладыршәеит Гагра
Аӡәы шәҩык данраҩсуа: хатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәаладыршәеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәаладыршәеит Гагра

Ашәҭ шьҭаҵара ацеремониа иалахәыз Нхыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа анапхгаҩы Игорь Кокоев аԥсуа жәлар иҭабуп ҳәа реиҳәеит ари арыцхә амзар аҟны иахьадарбаз.

"Адунеи зегьы ирдырроуп, Аԥсны аӡәыр итәитәырц иҭаххар, уи Нхыҵ-Кавказ инхо аишьцәа изалҳмаршо. Ҳара аӡәк еиԥш еснагь ҳаидгылазароуп, ҳацәгьеи, ҳабзиеи акы акәзароуп. Аԥсны иабахьо арыцҳара азхазааит. Ари нахыс џьанаҭ тәыла ишәҭыкыкаҷлааит", - иҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, хатәгәаԥхарала иааз Игорь Кокоев.

Ари абаҟа хылаԥшра ҷыда аҭоуп ақыҭа ахадара рганахь ала. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу агәалашәаратә рыцхәқәа раан, ашәҭ шьҭаҵаразы раԥхьаӡакәны арахь ауп иахьааиуа.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа: ҳаҷкәынцәа рфырхаҵара аҭоурых иануп

Анаҩс еицыз зегьы ашәҭ шьҭаҵаразы ихалеит Мамзышьха. Нхыҵ-Кавказынтәи иааны еибашьуаз Ибрагим Науржанови, Нургали Канукови, Хасан Алхасови, Гәдоуҭа араион иалҵыз Валери Смыри ахьҭахаз аҭыԥаҿы ишьақәыргылоу абаҟахьы.

Нанҳәамза анҵәамҭазы, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Гагра рымҽхакны ианыҟаз абраҟа аиҿагылара ӷәӷәа ҟалеит. Аӷацәа аҭак шрыҭазгьы, аԥсуа гангьы ацәыӡ аиуит.

Хасан Алхасов дҭахеит Гагра араион ахақәиҭтәразы, аҵыхәтәантәи ажәылараҿы, аха иҭаацәа ргәаҳәарала ибаҟа шьақәыргылан арҭ аибашьцәа рывара.

"Ҳҭоурых аҿы зышьҭа ӷәӷәа нзыжьыз ҳашьцәа-фырхаҵәа ҳгәалаҳаршәарц арахь ҳааиуеит есышықәса. Нхыҵ-Кавкази, Ҭырқәтәылеи уҳәа рҟнытә ҳашьцәа раара ҿамҩак аҳауацқьа иаҳзаҩызахеит. Рыцҳарас иҟалаз збаҟақәа ҳарҭааз аҵеицәа аибашьра алагамҭазы иҭахеит. Рыԥсы ҳмырԥхашьааит, ргәалашәара анаунагӡатәра ҳақәшәааит", - ҳәа азгәеиҭеит Гагра араионтә Еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба.

Нанҳәа 1992 шықәсазы ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа еибашьрала аԥсуа жәлар ианрықәла аҩбатәи амш аҽны Нхыҵ-Кавказынтә цхыраара иааит аҟабарда аофицар Сулҭан Сосналиев напхгара ззиуаз аешьаратә жәлар рхаҭарнакцәа раԥхьатәи ргәыԥ.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын ҩ- нызқьҩык инареиҳаны хатәгәаԥхарала аԥсуа жәлар ирыдгылаз, урҭ рахьынтә 51 –ҩык "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахеит, 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп, фышәҩык инареиҳаны "Агәымшәаразы" амедал. Аибашьраан иҭахеит 260- ҩык инареиҳаны хатәгәаԥхарала аԥсуа жәлар ирыдгылаз.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0