Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра аамзтәи аусуразы аҳасабырба ҟанаҵеит

CC0 / / Налог
Налог  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб дидикылеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Мераб Логәуа. Аиԥылараҿы иалацәажәеит 2020 шықәса аҩнуҵҟатәи алагалақәа рыплан анагӡара азҵаарақәа.

АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. 2020 шықәса аамзтәи алагалақәа рыплан анагӡара иартәеит миллиардки 341 миллиони 829 нызқь мааҭ. Ари аплантә рбага аҟынтәи 81% иҟоуп ҳәа аԥыза-министр Александр Анқәаб иеиҳәеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Мераб Логәуа.

Логәуа иазгәеиҭеит аамзтәи арбагақәа рҿы ишарбам акурорттә усхк ахашәалақәеи ашәарақәеи. Иара иажәақәа рыла, атуризм аусхк аобиектқәа рфинанстә усура заанаҵтәи аихшьаалақәа аныԥшраны иҟоуп цәыббрамзатәи аҳасабырбақәа рҟны, избанзар аусурақәа нанҳәамза инаркноуп ишрылагаз.

"2019 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны нанҳәа 31 рҟынӡа ареспублика абиуџьет ахь иаланагалеит шәахтә ҳасабла миллиардки 565 миллиони 928 нызқь мааҭ. Уи 14% рылоуп излеиҳау 2020 шықәсазтәи абри аамҭатә рбагақәа. Аха 2020 шықәсазтәи арбагақәа ирылам атуристтә усхк ахашәалақәеи ашәарақәеи", - ҳәа иҳәеит иара.

Логәуа иара убасгьы иазгәеиҭеит Очамчыра, Аҟәа, Гәылрыԥшь араионқәа рыплан шынарыгӡаз. Ипроблеманы иҟоу Гагра араион ауп. Уа аплан анагӡара 46% рылоуп ишынагӡоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0