Арратә ҽазыҟаҵарақәа "Кавказ-2020" рыхәҭа хада Аԥсны имҩаԥысуеит

Анапаҵаҩра
Астратегиа командаҟаҵаратә-штабтә ҽазыҟаҵарақәа "Кавказ-2020" мҩаԥгахоит цәыббра 21 - 26 рзы, Урыстәыла арратә мчрақәа рыштаб Хада аиҳабы инапхгарала.

АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсуа ари Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аруааи злахәны имҩаԥгахо аҽазыҟаҵарақәа "Кавказ-2020" рыхәҭак Аԥсны имҩаԥгахоит цәыббра 24 - 25 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны атәылахьчара аминистрра Аштаб хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Вадим Камкиа.

Иара иажәақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа раан Аԥсны ахьӡала иқәгылоит арра-ҳаиртә мчрақәа, амотохысцәа, анапынҵа ҷыда змоу арҟәшақәа.

"Аҽазыҟаҵарақәа рысценари ала "аӷа" ааха иҭалахоит артиллериа, авиациа рхархәарала, иара убасгьы иҭархахалоит адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа, амшынтә десант", - иҳәеит Камкиа.

Астратегиа командаҟаҵаратә-штабтә ҽазыҟаҵарақәа "Кавказ-2020" мҩаԥгахоит цәыббра 21 - 26 рзы, Урыстәыла арратә мчрақәа рыштаб Хада аиҳабы, Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ  Валери Герасимов инапхгарала, Аладатәи арратә округ аполигонқәа – "Прудбой", "Ашулук", "Капустин Яр", "Арзгирский", "Копанской" рҟны. Уи адагьы Амшын еиқәеи Каспитәи амшыни аакваториақәа рҿы имҩаԥгахоит афлотилиақәа злахәу аепизодқәа.

Аҽазыҟаҵарақәа ирыдыԥхьалахоит 80 000-ҩык аруаа. Аполигонқәа рахь инагахоит 250 танк, 450 аршьаҟауаа рмашьынақәа, акәылӡтәы транспортиорқәа, 200 артиллериатә системеи  ареактивтә системақәеи.

Аҽазыҟаҵарақәа ҩ-етапкны имҩаԥгахоит. Актәи аан –  арратә напхгара иазыԥхьагәарҭоит арра-политикатә ҭагылазаашьаҿы аҽазыҟаҵарақәа, аҩбатәи аан – амилаҭрацәатә ар ргәыԥ реицҽазыҟаҵарақәа.

Аҽазыҟаҵарақәа раан аус рыдулахоит ар рнапхгара азҵаарақәа атерроризм аҿагылараан. Астратегиатә маниоврқәа ирылахәхоит Белоруссиа, Мианма, Иран, Индиа, Пакистан рыруаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0