Аҟәатәи ауараш зауад аҟынтәи амшын абылтәы-хьшьтәы маҭәашьар алалеит

© Sputnik / Константин ГрецовМоре
Море - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 16, ахаша Аҟәатәи ауараш зауад аҟынтәи абылтәы-хьшьтәы маҭәашьар аӡиас иалалеит, нас амшын ахь инеиит.

АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Алашарбага араион аҿы игылоу ауараш зауад аҟынтәи абылтәы-хьшьтәы маҭәашьар аӡиас иалалеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит  Аекологиазы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

"Иахьа шьыбжьон ҳусуҩцәа аҭыԥ ахь инеиит. Ишьақәдыргылеит абылтәы-хьшьтәы маҭәашьар еизакыракаҟынтә аҽакахьы ианиаргоз авариа шыҟалаз. Амаҭәашьар аӡиас иалалеит, нас уи иацны амшын ахь инеиит. Ари уажәазы иҳамоу дырроуп", - иҳәеит Савели Ҷыҭанаа.

Иара иажәақәа рыла, иҟалаз ауааи амшын иҭоу ԥсы зхоуи рзы шәарҭарак алам.

"Ҳәарада, иҟамлар акәын, аха иҟалазаргьы, ԥсабаратә рыцҳарак акәны иҟам", - иҳәеит иара.

Ҷыҭанаа иҳәеит уаҵәы ахҭыс мзызс иамоу аҭҵаара иацҵахоит ҳәа. Аҟәатәи ауараш зауад административтә хара адҵахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0