Аҟәа адепутатцәа Бжьаниа идыргалеит аҭыԥантәи аиҳабырахь алхрақәа ахырԥазарц

© Foto / Сухумское городское собрание Председатель городского Собрания Дмитрий Маршания пригласил на совещание своих коллег
Председатель городского Собрания Дмитрий Маршания пригласил на совещание своих коллег - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликаҿы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа мҩаԥгахараны иҟоуп 2020 шықәса абҵара 1 азы. Ақалақьтә еизарахь адепутатцәа ԥшьышықәса ҳәа ҿҳәарас ирыманы иалырхуеит.

АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik. Ақалақьтә еизара адепутатцәа атәыла ахада Аслан Бжьаниа иахь ажәалала ҟарҵеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа ахырԥазарц COVID-19 алаҵәара ашәарҭара инамаданы ҳәа аанацҳауеит ақалақьтә еизара асаит.

Второй тур президентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Абҵарамзазы имҩаԥгахоит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа

"Акоронавирус атәылақәа жәпакы рҿы алхрақәа рымҩаԥымгара иамзызхеит. Ҳара агәра аагоит Аԥсны ауааԥсыра ргәабзиара ашәарҭара иҭаргылатәым ҳәа. Убри азы еиҳа ииашаны иазаҳаԥхьаӡоит алхрақәа ирнахазарц еиӷьуп ҳәа", - иҳәеит аизара ахантәаҩы Дмитри Маршьан.

Егьырҭ адепутатцәагьы аидеиа иадгылеит.

"Дара иазгәарҭеит ҭагалан-аӡынтәи аамҭақәа рзы аимҳәа авируси егьырҭ авирусқәеи рацәахоит ҳәа. Арҭ авирусқәа акоронавирус рыцлар, аҳҭнықалақь аҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩхоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Адепутатцәа ахада ихьӡала ашәҟәы рҩит алхрақәа еиҳа иҭышәынтәалоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҟалаанӡа иахырԥазарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0