Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габниа: аҭыԥантәи адепутатцәа рымчра маҷӡам, ишахәҭоу рхы иадырхәар

© SputnikГиви Габния
Гиви Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭыԥантәи адепутатцәа рнапынҵақәа закәанла лшарас ирнаҭо, урҭ аԥсҭазаараҟны ахархәара ахьынӡарымоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит азиндырҩы Гиви Габниа.

Абҵарамза 1, 2020 шықәса рзы Аԥсны имҩаԥгахоит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа. Урҭ ԥшьышықәса рахь знык имҩаԥысуеит.

"Аҭыԥантәи ахаланапхараҭаратә усбарҭақәа рахь алхразы" азакәан аҩбатәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, депутатс далхзар ҟалоит алхрақәа рыҽнынӡа 25 шықәса ирҭысхьоу, алхратә зин змоу дарбанзаалак.
Алхыҩ Аԥсны датәылауаҩызароуп, иқәра 18 шықәса рҟынӡа инаӡахьазароуп.

Габниа: аҭыԥантәи адепутатцәа рымчра маҷӡам, ишахәҭоу рхы иадырхәар

"… Аҭыԥантәи адепутатцәа рымчра закәанла имаҷӡам, ишахәҭоу рхы иадырхәар, сгәаанагарала алҵшәақәа еиӷьхоит. Ҳара еснагь иаҳа еиӷьхар ҳҭахуп, ԥшьаала-ԥшьаала уигьы аҵара ҳаҿуп. Уи зысҳәо, иҟан аамҭа алхрақәа рахь зынӡа аӡәгьы дцаӡомызт, ирҭахымызт. Уажәтәи аамҭазы аҭыԥантәи алхрақәа рҟынгьы иҟоуп аицлабра, ауаа рацәа акандидатцәа анықәдыргыло. Уи акы иаԥсоуп, избанзар акандидатцәа анырацәоу, еиӷьу ҳәа далырхыргьы рылшоит аҭыԥантәи ауаажәлар.

Иахьа иаҳа еилаҳкаауа ҳалагеит иара (аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа – аред.) амчра иамоу. Анкьа ахархәашьа амаӡамызт, уажәы иамоуп. Ҿырԥштәыс иаазгоит: аҭыпантәи ахада ҳәа атәыла ахада ихаҭарнак днеигоит, аха аҭыԥантәи адепутатцәа азин ирҭароуп ус еиԥш, знык-ҩынтә иақәшаҳаҭымхар даҽаӡәы днеигароуп. Иаҳҳәап, еиуеиԥшым аҭыԥантәи ачын маҵуҩцәа, аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа, агәабзиарахьчара, акультура, аҵарадырра азҵаарақәа рганахьала иарҭо роума, урҭ неирц азы аҭыԥантәи адепутатцәа ақәшаҳаҭзароуп. Знык иарҭеит нас 4 шықәса иаанхеит ҳәа акәӡам, русушьагьы иацклаԥшуеит, иргәамԥхар русушьа, рыгәра ргом ҳәа азҵаара ықәдаргылар рылшоит", - ихәеит Габниа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Абҵарамзазы имҩаԥгахоит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа

Ажәабжьқәа зегьы
0