https://sputnik-abkhazia.info/20200918/1400-pachka-asigare-Asny-atylaua-imashyna-ishaz-iaanyrkyleit-1030963643.html
1400 пачка асигареҭ Аԥсны атәылауаҩ имашьына ишҭаз иааныркылеит
1400 пачка асигареҭ Аԥсны атәылауаҩ имашьына ишҭаз иааныркылеит
Sputnik Аҧсны
ЕАЕС аҳазалхратә ҵакырахь ахатәхархәаразы 18 шықәса ирҭысхьоу ахаҿы илшоит 200 сигареҭ, ма 50 сигара (сигарилла), ма 250 грамм аҭаҭын, ма иарбоу аалыҵқәа... 18.09.2020, Sputnik Аҧсны
2020-09-18T14:45+0300
2020-09-18T14:45+0300
2020-09-18T14:45+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102781/68/1027816866_0:283:2730:1827_1920x0_80_0_0_3f83cce23f67482030ac29f680b52efb.png
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2020
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102781/68/1027816866_0:197:2730:1913_1920x0_80_0_0_277df716e3b33d987706d343175ede1b.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
1400 пачка асигареҭ Аԥсны атәылауаҩ имашьына ишҭаз иааныркылеит
ЕАЕС аҳазалхратә ҵакырахь ахатәхархәаразы 18 шықәса ирҭысхьоу ахаҿы илшоит 200 сигареҭ, ма 50 сигара (сигарилла), ма 250 грамм аҭаҭын, ма иарбоу аалыҵқәа ааидкыланы зеиԥш капанла 250 грамм еиҳамкәа ииаигар азин имоуп.
АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik. Даҽазныкгьы Аԥснынтә Урыстәылаҟа аҭаҭынаалыҵ контрабандала аиагара ԥыркит Краснодартәи атәылаҿыцә аҟны АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи Шәачатәи аҳазалхыҩцәеи ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҟны АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
"Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы аҳәаахьчаратә гәаҭара ахысраан Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ иавтомашьынаҿ игәаҭан 1420 пачка асигареҭ. Атауар аҳәаахьчаҩцәеи аҳазалхыҩцәеи ирцәыҵәахын", - азгәаҭоуп аацҳамҭаҿы.
Абри аус аганахьала апроцессуалтә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.
Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы контрабандала асигареҭ ахыгара аҽазышәара еиҳа лассы-лассы иуԥыло еилагароуп. Убас, цәыббра 4 рзы шәачатәи аҳәаахьчаҩцәа иаԥдырҟәҟәааит Аԥснынтә Урыстәылаҟа 1100 пачка аҭаҭын аалыҵ ахыгара.
Ашықәс иаалагазар абри ахырхарҭала 500 ус административтә зинеилагара ҳәа ихацыркуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: