Аҟәатәи амҩадуқәеи амҩабжьахалақәеи иџьашьахәу рхатә ҭоурыхқәа

© Фото : из архива Анзора АгумааГенуезтәи амҩа
Генуезтәи амҩа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арифа Қапԥҳа лматериал аҟны шәаԥхьар алшоит иԥшәымадоу аҩнқәеи, амҩабжьаларҭа хәыҷқәеи уҳәа рҭоурыхқәа.

Ирыхьуазеи зыԥшәмацәа инрыжьыз аҩнқәа? Аҟәа уалаланы уанцо ана-ара иубоит улаԥш зыдхало ақьырмыт ҩнқәа, аҽак еиԥшым аԥенџьырқәа, ижәытәтәиу аҩнашәқәа – иаразнак уалагоит ухаҿы иааугарц урҭ аҩнқәа рҟны инхоз ауаа зеиԥшраз, ирынхашьаз. Зны-зынла рацәак уздызымхало аҩнқәагьы ҭоурыхла иҭәуп.

Архивное фото дома творчества Айнар - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи аконструктивизм

Убас, мҩаҭшәа хәыҷык уханагалоит Баграт ишьхахь. ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭаз Генуезтәи амҩа ҳәа иашьҭан. Иабантәааргеишь асеиԥш ахьӡ, насгьы, избан?

Ари аҭоурых бзианы иаарԥшуп Станислав Лакоба иҭоурых-культуратә очеркқәа реизгаҟны ("Крылились дни в Сухум-Kале"). Ари ашәҟәы иаԥхьаз дарбанызаалак Аҟәа бзиа имбарц залшомызт. Бзиа имбарц залшомызт "Аҟәатәи аренессанс", бзиа имбарц залшомызт алитературеи, акультуреи, аҟазареи знапы рылакыз аҭынчра аԥшааразы изҭаауаз ҳақалақь.

Апоет Осип Мандельштам иазиԥхьаӡон Кавказ аҭҵаара абрахьынтәи, иарбанызаалак ажәа анбан "А" ала иахьалаго ала иҭҵаалатәуп ҳәа, археолог, апоет Виктор Стражев убриаҟара бзиа ибеит ҳара ҳадгьыл, ииҩуаз зегьы ҳара иаҳтәушәа иаабо иҟалеит. Шәазыӡырҩ иажәеинраалак:

Атәымдгьыл ахь изгеит

Быжь-уаԥсҵәык

Сыԥсадгьыл анышә ԥшьа,

Иасҳәарц мышкызны сыҷкәын:

"Абри ауп уԥсадгьыл аҟынтә

Зеиқәырхара сылшаз" ҳәа.

Абрахь рлахьынҵа иаанагеит арежиссиор Николаи Евреинов, иара иԥшәмаԥҳәыс Анна Евреинова-Кашина, асахьаҭыхыҩ Александр Чачба-Шервашидӡе, уи иԥшәмаԥҳәыс актриса Наталиа Бутковскаиа, апоет Васили Каменски. Евреинов иоуп Баграт ишьхахь ухазгало амҩагьы Генуезтәи амҩа ҳәа ахьӡызҵаз.

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраапоет Васили Каменски
Аҟәатәи амҩадуқәеи амҩабжьахалақәеи иџьашьахәу рхатә ҭоурыхқәа - Sputnik Аҧсны
апоет Васили Каменски

Васили Каменски игәалаиршәоит дара ара ианынхозтәи аамҭа лашақәа, игәалаиршәоит дызҭаауаз ауаа, "светлая Ю." ҳәа ззиҳәоз аԥҳәыс.

Станислав Лакоба ишьақәиргылеит "светлая Ю." ҳәа апоет иззиҳәоз дызусҭаз. Уи Иулиа Гравель лоуп, Николаи Евреинов диааӡамҭан. Зны Иулиа дычмазаҩхеит. Аҳақьымцәа ирҳәеит амшынԥшаҳәа иахьаԥну, иахьыԥхарроу дынхозароуп ҳәа. Убасҟан Евреинов Аԥсныҟа, Аҟәаҟа дааигеит Иулиа.

Иулиа лыԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь лара дахьынхоз аҩнаҿы анхара далагеит лаҳәшьа Марина.

Анна Кашина-Евреиновагьы илгәалалыршәоит урҭ аамҭақәа: хәылбыҽхала абаҳчараҟны итәаны уаххьа шырфалоз, ажәеинраалақәа ишрыԥхьалоз, аиҳаракгьы Ахматова лажәеинраалақәа, асасцәа шрыдыркылалоз, Каменски амырзакан шаирҳәалоз уҳәа ирацәаны.

Анна Кашина-Евреинова илыҩуеит: "Аҟәа екзотикатә ҭыԥын. Ашьхақәа рахьынтә илбаауан зхы-зҿқәа хҭырԥала иҭаҳәҳәаз аҽцәа руапақәа рышәҵаны. Урҭ ашоурагьы рԥырхагамызт", ҳәа.

© Фото : из книги "Евреинов. Фотобиография. Evreinov .A Pictorial Biography." 1981Н. И. Бутковская и Н. Н. Евреинов. Фрагмент большой фотографии участников Старинного театра. Санкт-Петербург. 1907
Аҟәатәи амҩадуқәеи амҩабжьахалақәеи иџьашьахәу рхатә ҭоурыхқәа - Sputnik Аҧсны
Н. И. Бутковская и Н. Н. Евреинов. Фрагмент большой фотографии участников Старинного театра. Санкт-Петербург. 1907

Евреиноваа, Каменскиаа араҟа активла инхон, алекциақәа ирыԥхьон. Евреинови Александр Чачба-Шервашидӡеи уи иԥшәмаԥҳәыс Наталиа Бутковскаиеи аспектакльқәа ықәдыргылон.

Абасала, иарбанызаалак Аҟәатәи амҩаду, амҩа, амҩабжьахала – ирымоуп рхатә ҭоурых. Иџьашьахәу, аинтерес зҵоу аҭоурых.

Ажәабжьқәа зегьы
0